Бжьаниа дрылахәын 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирызкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа

© SputnikПогибших в августе 2008 года защитников Цхинвала и мирных жителей вспоминают на траурной акции, которая проходит на Гергиевской лестнице.
Погибших в августе 2008 года защитников Цхинвала и мирных жителей вспоминают на траурной акции, которая проходит на Гергиевской лестнице. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Анапаҵаҩра
Асабша нанҳәа 7 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуеит ақырҭуа агрессиаан иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазкны Цхьынвал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 
Бжьаниа иазгәеиҭеит иколлегацәеи иареи рзы аҵак ду шамоу арҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа ргәаларшәаразы Цхьынвал иааны иахьыҟоу.
"Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа-ауаԥсаа! Аԥсны жәлар рыхьӡала ҳшышәзыразу, еснагь ҳашшәыдгылоу атәы гәык-ԥсыкала ишәасҳәоит. 2008 шықәса нанҳәамзазы иҟалаз ахҭысқәа даҽазныкгьы адунеи зегьы ианарбеит Урыстәыла Дуӡӡа аҩызцәа ианырцәыуадаҩу аамҭазы ишкармыжьуа. Урыстәыла аиҳабыра ргәы меиҭаԥакәа, ианаамҭаз иҟарҵаз ашьаҿақәа ирыбзоураны ақәылаҩцәа аҵахеит", - ҳәа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь ихы рханы дықәгылеит Аслан Бжьаниа.
© Sputnik2008 шықәса нанҳәамзазы Цхьынвал иҭахаз ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыреи ргәаладыршәоит алахьеиқәратә акциаҿы, уи мҩаԥысуеит Гергиев имардуан ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы.
Погибших в августе 2008 года защитников Цхинвала и мирных жителей вспоминают на траурной акции, которая проходит на Гергиевской лестнице. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
2008 шықәса нанҳәамзазы Цхьынвал иҭахаз ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыреи ргәаладыршәоит алахьеиқәратә акциаҿы, уи мҩаԥысуеит Гергиев имардуан ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы.
Иара иажәа иацҵаны иҳәеит зыԥсҭазаарақәа зыԥсадгьыл иахҭнызҵаз аҵеицәа рфырхаҵара хашҭра шақәымзаауа, еиҵагыло аҿар рзы урҭ иаадырԥшыз агәымшәареи Аԥсадгьыл абзиабареи ҿырԥшыганы ишаанхо.
"Иахьа ҳара ҳтәылақәа рхы иақәиҭны аҿиарамҩа иануп. Аха ҳгәы ҳарҭынчыр ҟалом. Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымпыҵахалара шаҭахыц иаҭахуп. Уи зыршаҳаҭуа ак акәны иҟоуп аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы ахьаҵарымҩыц", - иҳәеит Бжьаниа.
Убри азоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рарбџьармчқәа здырӷәӷәо, Урыстәылеи дареи рырра-техникатә усеицура здырҭбаауа.
"Ҳара еснагь гәадурала ҳазыҟазаауеит Урыстәыла нанҳәамза 2008 шықәсазы иҟанаҵаз ашьаҿа, усҟан адунеитә еилазаара аганахьала ҽаамҭанык еиԥшымкәа ақәыӷәӷәара ду шыҟазгьы, акы иацәымшәакәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит, убри алагьы жәытәнатә аахыс ҳажәларқәа илырхыз ахақәиҭреи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи рымҩа аанартит", - ҳәа иажәа хиркәшеит Бжьаниа.
© Sputnik2008 шықәса нанҳәамзатәы ақырҭуа агрессиа иалаӡыз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхадацәа Анатоли Бибилови Аслан Бжьаниеи, иара убас Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Мениаилои.
Поминальные свечи на акции памяти жертв грузинской агрессии августа 2008 года зажигают президенты Южной Осетии и Абхазии Анатолий Бибилов и Аслан Бжания, а также Врио главы РСО-Алании Сергей Меняйло. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
2008 шықәса нанҳәамзатәы ақырҭуа агрессиа иалаӡыз ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхадацәа Анатоли Бибилови Аслан Бжьаниеи, иара убас Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Мениаилои.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхадацәа Анатоли Бибилови Аслан Бжьаниеи 2008 шықәса нанҳәамзазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟынтә иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәаразы ацәашьқәа адыркит. 
Ажәабжьқәа зегьы
0