Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба ҳџьынџьуаа ашәҟәы рҭаҩра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа атәылаҟны ашәҟы рҭагалареи рҭаҩреи азҵаарақәа ирызкны аилацәажәараҟны иззааиз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба ҳџьынџьуаа ашәҟәы рҭаҩра иазкны
Аԥсны анҭыҵ инхо аҳәынҭқарра атәылауаа (абазақәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, арепатриантцәа) рҭаҩра азҵаарақәа ирызкыз аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба нанҳәа 10 рзы. Аҳәынҭқарра ахада инапынҵалеи абаза уаажәларра рхаҭарнакцәа рааԥхьаралеи ари азҵаара иазааҭгылан. Административтә ԥынгылақәа рырмаҷра хықәкыс иҟаҵаны, убасгьы ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи рзинтә еимадара арӷәӷәареи рзы аилацәажәараҟны иахәаԥшын Аԥсны анҭыҵ инхо атәылауаа аҳәынҭқарраҟны еснагьтәи аҭаҩра рымазара азҵаара зинла иҭышәныртәалахарц.
"2016 шықәсазы аҳәынҭқарра ахада инапы зҵаиҩыз аусԥҟала, ас еиԥш аусқәа реиҿкаара ҳәаақәызҵо ашәҟәы аҟны иарбаӡам. Убри аҟынтә ицәырҵит азҵаарақәа абазақәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз роума, арепатриантцәа ашәҟәы рыҽҭагалараҟны ианааиуа азакәан шьаҭа амаӡам, ирызцәырнагоит ауадаҩрақәа. Аконституциаҟны ҳтәылауаа рзинқәа еиҟароуп, аха ари азҵаараҟны дара рҭагылазаашьа иаҳа иуадаҩуп. Иашам ҳәа азысыԥхьаӡоит ҳашьцәа ачынуаа рышәқәа иларгыланы азин рызҭо ашәҟәқәа рырҟаҵара, ари ҳәаақәҵатәуп", - иҳәеит Гәынба.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0