Гагра иҟалаз ахысразы аусҭҵаара хацыркуп

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 9 асааҭ 23:00 азы Гагра агәаны ахысра аҭыԥ аман, аӡәы ахәрақәа иоуит.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша ашьаус хацнаркит ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи ихысуа абџьар аныҟәгареи, аҵәахреиа, амҩангареи рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра апрокурор Беслан Ԥкьын.
"Иацы, асааҭ 23:00 азы, Гагра Арӡынба имҩаҿы 1985 шықәса рзы ииз Асҭамыр Бганба ахәра иоуит, 1990 шықәсазы ииз Гьаргь Анқәаб дахьиехсыз иахҟьаны. Анқәаб аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит", - иҳәеит апрокурор.
Беслан Ԥкьын иҳәеит Бганба иуаҭәеи инапи шхәу, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь днаган аԥҟара шизыҟарҵаз. Ахәра зауыз иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Ажәабжьқәа зегьы
0