Sputnik амчыбжь: агоспиталь аҿы арыцҳара, аԥкрақәа, ҭагалан азы аҿагыларатә акциа

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 9 - 15 рзы имҩаԥысыз ахҭысқәа рыхҳәаа аинформациатә маҵзура Sputnik аҿы.
аруаа
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ареспублика ауааԥсыра рзы аҵакы змоу ахҭысқәа аҭыԥ рыман. Атәылаҿ иаларгалеит аԥкырацҵақәа коронавирустә инфекциа алаҵәара иахьаҿу азы, аибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" жьҭаарамза анҵәамҭазы аҿагыларатә акциақәа ишрылаго азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, имҩаԥысит COVID-19 аҿагыларазы Акоординациатә штаб аилатәара, нанҳәа 14 азы Аԥсны иргәаладыршәеит аибашьра алагара амш.
Sputnik

Ахада Аахыҵ Уаԥстәыла иҟазаара хыркәшоуп

Нанҳәа 9 азы ихыркәшахеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара. Аслан Бжьаниеи зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациеи Цхьынвал иаҭааны иҟан, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Абхазская делегация во главе с Асланом Бжания прибыла в Цхинвал 6 августа для участия в памятных мероприятиях, приуроченных к 13-й годовщине грузинской агрессии в августе 2008 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылара: Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟазаара
Нанҳәа 7 азы Бжьаниа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Цхьынвалтәи ахәбатәи абжьаратә школ ашҭаҿ иҟоу амемориал амҵан. Анаҩс имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бабилови реиԥылара.
Бжьаниеи Бибилови наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, аекономикатә еиныррақәагьы убрахь иналаҵаны. Агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
Нанҳәа 8 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазкны Цхьынвал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аслан Бжьаниа Цхьынвал ауснагӡатә аҿы "Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа агрессиак аҳасаб ала ирыдыркылеит", - иҳәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит нанҳәа 9 азы.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни арратә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргар рылшоит

COVID-19

Нанҳәа 10 азы иалагеит атәыла ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник-Лайт" рзыҟаҵара. Нанҳәа 12 азы имҩаԥысит Акоординациатә штаб аилатәара. Аиԥылараҿы иҳәан ареспублика 100 000 доза алаҵа аиура ишаҳәаз.
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Еилкаахеит урыстәылатәи амобилтә госпиталь ахьыҟало аҭыԥ
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Акоординациатә штаб алахәылацәа ахада иабжьыргеит аԥкырацҵақәа алагалазарц.
Нанҳәа 11 азы Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ, 1957 шықәсазы ииз иԥсҭазаара далҵит афымцалашара аиҭаԥара иахҟьаны.
Зыԥсҭазаара иалҵыз Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ СИПАП-терапиа дахысуан, ирыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭадырсуан, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
"Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы афымцеиҭаԥара иахҟьаны ареанимациа аҟәшақәа ҩ-палатак рҿы алашара ыцәеит. Аппаратқәа амашәыртә усурахь ииасит. Ари амедусуҩцәа ишырбоз иҟалеит. Иаразнак ареанимациатә уснагӡатәқәа ирылаган. Аха ачымазцәа руаӡәк иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Едуард Быҭәба.
Адырҩаҽны 1949 шықәсазы ииз аҽа пациенткакгьы лыԥсҭазаара далҵит.

Аԥкра ҿыцқәа

Нанҳәа 13 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковид аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәагәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб нанҳәа 12 рзы иҟанаҵаз аӡбамҭа дақәныҟәаны.
Аусԥҟа инақәыршәаны, иҟалом:
  • Ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәрақәа, агәмырҿыӷьгатә усқәа уҳәа, иара убас егьырҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы, анаплакы аҵакыра иаҵанакуа абарҵақәа, ашҭақәа рҿы, еимырхуа-еибырҭо аконструкциақәа (ашатиорқәа, атентқәа) рҿы рымҩаԥгара; ауаа рацәа злахәу аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аспорттә хыбрақәа (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә ӡҭчқәа, асасааирҭақәа, аотельқәа ирыҵаркуа аспорттә хыбрақәақәа рыда) русура.
  • Иара убас ауаажәларратә транспорти атаксии рныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ахыхьчаратә хархәагақәа (асабрадақәа) хымԥада рхы иадырхәароуп. Есҽны атранспорттә хархәагақәа рҟны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡалароуп. Афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҿы есыҽны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргалароуп. Аҭиҩцәа (аусуҩцәа) хымԥада ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи) ныҟәыргалароуп.
  • Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҿы афатәаалыҵ, ақыҭанхамҩаалыҵ, ацәамаҭәа рџьармыкьақәа рхадарақәа рнапы ианҵоуп аҭиҩцәа асабрадақәеи анапхаҵақәеи шныҟәырго иахылаԥшларц.

Ҭагалан аҿагыларатә акциақәа

Нанҳәа 10 азы 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" апресс-конференциа мҩаԥыргеит АРСМИРА.
Пресс-конференция общественной организации ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц
"Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа иҳәеит мызк аԥхьа аиҿкаара аҳәамҭа шыҟанаҵаз аԥхыни ҭагалани афымцалашараарцәара алмыршахарц.
"Ҳара усҟан иаҳҳәеит аиҳабыра апроблема аӡбшьа анырзамҭа ауаа аҿагыларатә акциахь иааҳаԥхьоит ҳәа. Ауаа ҵаауеит ишәҳәаз шәзазхьамԥшуеи ҳәа, џьоукы шәыԥсыҽуп рҳәоит. Аҽа џьоукы "Аруаа" зегь аполитика алышәхуеит ҳәа ҳзырҳәоит", - иҳәеит иара.
Уажәы аенергетикатә кризис абылтә акризисгьы ацлеит, аҭагылазаашьа зехьынџьара иуадаҩхеит убри ауп акциахь ааԥхьара зыҟаҳҵо иҳәеит Гәлиа.

Иԥсҭазаара далҵит Данил Убириа

75-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Ауаажәларратә палата агәабзиарахьчараз акомиссиа ахада, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Данил Убириа.
Даниил Убирия на радио Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Иԥсҭазаара далҵит Ауаажәларратә палата алахәыла Данил Убириа
Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа "Данил Ҭемыр-иԥа Ауаажәларратә палата ахыҵхырҭаҿы дгылан, актәи ааԥхьара алахәылас дыҟан. Ауаажәларратә палата аусура агәҭаҵәҟьа далагылан, еснагь аҭакԥхықәра ду даҵагылан. Иҵарыз азҵаарақәа рыӡбара иара идлон, еснагь мап ацәымккәа аҭыԥ иқәиҵон", - ҳәа лҳәоит.
Данил Убириа диит мшаԥы 26 1947 шықәсазы. Ауаажәларратә палата ааԥхьарақәа хԥа раан амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, 2020 шықәса раахыс аиҿкаара аппарат напхгра аиҭон.

"РУСДРАМ" агастрольқәа рахь ицоит

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр агастрольқәа мҩаԥнагараны иҟоуп Урыстәыла ақалақьқәа рҿы 2021 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы. РУСДРАМ Урыстәыла имҩаԥнаго агастрольқәа рҿы х-спектакльк ддырбараны иҟоуп.
Русдрам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
РУСДРАМ Урыстәылатәи агастрольтә турқәа рҿы х-спектакльк ықәдыргылоит
"Урыстәылатәи ақалақьқәа рҿы агастрольқәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп еиуеиԥшым агастрольтәии афестивальтәии программақәа рҳәаа иҭагӡаны. Жьҭаарамзазы Сарансктәи афестиваль "Соотечественники" аҟны идҳарбоит аспектаклеь "Кьоџьаа рҭыӡшәа". Анаҩс, Иарославльҟа ҳцоит, жьҭаара 26 азы еицырдыруа Волковтәи атеатр асценахь инаагоит "Солярис", Артиом Устинов иқәыргыламҭа" ҳәа иҳәоит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Росконцерт", Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала еиҿнакаауа апрограмма "Агастроль дуқәа" иалахәхоит Аԥснытәи атеатргьы. Аспектакльқәа "Хаџьы-Мураҭи" "Кьоџьаа рҭыӡшәеи" Иваново идырбахоит жьҭаара 29 рзы, жьҭаара 31, абҵара 1 рзы арҭ аспектакльқәа Тверҟа инаргоит.

Агәалашәара амш

Нанҳәа 14 Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз амш азы Аԥсны ауаажәларра иргәаладыршәоит Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызку Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша амемориал аҿы ашәҭшьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Ацеремониа иалахәын шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, Аԥсны анапхгара, ахада Аслан Бжьаниа раԥхьа днаргыланы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи.
Анаҩс атәыла анапхгареи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа Алада Ешыра ақыҭан.
Нанҳәа 15 - Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп
Ажәабжьқәа зегьы
0