https://sputnik-abkhazia.info/20210822/Bzhania-Alada-Novgorod--aiubilei-rydinyaleit-agubernatori--aalak-auaasyrei-1033079550.html
Бжьаниа Алада Новгород аиубилеи рыдиныҳәалеит агубернатори ақалакь ауааԥсыреи
Бжьаниа Алада Новгород аиубилеи рыдиныҳәалеит агубернатори ақалакь ауааԥсыреи
Sputnik Аҧсны
Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц Алада Новгород даҭааит Урыстәыла ахада Владимир Путин. 22.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-22T10:50+0300
2021-08-22T10:50+0300
2021-08-22T10:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102629/58/1026295891_0:118:3072:1856_1920x0_80_0_0_5a065ebad662c368c19d71cf80358064.jpg
АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik. Аҳәынҭқарра хада Аслан Бжьаниа аԥсны жәлари хаҭала иара ихьӡалеи, ақалақь Алада Новгород аԥҵоуижьҭеи 800-шықәса аҵра идиныҳәалеит агубернатор Глеб Никитин. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Аслан Бжьаниа инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аԥсуа делегациа хадара азызуа Аԥсны ахада иусбарҭа ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа."1221 шықәса раԥхьа иаԥҵаз Алада Новгород ақалақь иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау ақалақь дуқәа ируакуп. Қәҿиарала еизҳауеит атуризм, ааглыхратә еизакы, аинформациатә технологиақәа. Зҭоурых беиоу ақалақь иааузымдырратә аҽаԥсахит акультуратә баҟақәеи, аҭоурыхтә ҭыԥҷыдақәеи еиқәырханы", - ҳәа аҳәоит хәҭакала адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.Иара убас Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти қәҿиарала аус шеицыруа ахәаахәҭра- аекономикатә, аҭҵаара-техникатә, акультура, аҵарадырра уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыҿгьы. Есышықәса Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти рыбжьара атауареиқәыршара еизҳауеит.Аԥсны ахада Алада Новгородтәи аобласт агубернатори ақалақь иаланхо ауааԥсыреи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.Алада Новгород шьаҭаркын 1221 шықәсазы аӡиасқәа Океи Волгеи ахьеилалоз, уи аҭыԥ Стрелка ахьӡуп. Уаҟоуп ақалақь аныҳәа азгәаҭара иазкны аконцертгьы ахьымҩаԥгаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102629/58/1026295891_0:22:3072:1952_1920x0_80_0_0_e31e49fafd5500115ffe13eb75940c16.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Бжьаниа Алада Новгород аиубилеи рыдиныҳәалеит агубернатори ақалакь ауааԥсыреи
Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц Алада Новгород даҭааит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik. Аҳәынҭқарра хада Аслан Бжьаниа аԥсны жәлари хаҭала иара ихьӡалеи, ақалақь Алада Новгород аԥҵоуижьҭеи 800-шықәса аҵра идиныҳәалеит агубернатор Глеб Никитин. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит,
аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аԥсуа делегациа хадара азызуа Аԥсны ахада иусбарҭа ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа.
"1221 шықәса раԥхьа иаԥҵаз Алада Новгород ақалақь иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау ақалақь дуқәа ируакуп. Қәҿиарала еизҳауеит атуризм, ааглыхратә еизакы, аинформациатә технологиақәа. Зҭоурых беиоу ақалақь иааузымдырратә аҽаԥсахит акультуратә баҟақәеи, аҭоурыхтә ҭыԥҷыдақәеи еиқәырханы", - ҳәа аҳәоит хәҭакала адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Иара убас Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти қәҿиарала аус шеицыруа ахәаахәҭра- аекономикатә, аҭҵаара-техникатә, акультура, аҵарадырра уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыҿгьы. Есышықәса Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти рыбжьара атауареиқәыршара еизҳауеит.
Аԥсны ахада Алада Новгородтәи аобласт агубернатори ақалақь иаланхо ауааԥсыреи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Алада Новгород шьаҭаркын 1221 шықәсазы аӡиасқәа Океи Волгеи ахьеилалоз, уи аҭыԥ Стрелка ахьӡуп. Уаҟоуп ақалақь аныҳәа азгәаҭара иазкны аконцертгьы ахьымҩаԥгаз.