COVID азы алаҵа аԥхьа иҟаҵатәузеи

© Sputnik / Томас ТхайцукВрачи республиканской больницы
Врачи республиканской больницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳақьымцәа ирҳәеит, акоронавирус азы алаҵа ҟауҵаанӡа раԥхьа иҟаҵатәуи насгьы алаҵа ԥырхагас иунаҭои ртәы.
АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik. Акоронавирус азы ауаҩы алаҵа ҟаиҵаанӡа, ихымԥадатәиуп анализқәа рыҟаҵареи атерапевт ма апедиатр аҳақьым иахь анеира, лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳақьым, Москва инхо аԥсуаа рхеилак аҩнуҵҟа иаԥҵоу оперативтә штаб алахәыла Викториа Ҭарба.
"Алаҵаҟаҵара ахәҭоуп, аха аӡәы даанмыжькәа зегьы иҟарҵароуп ҳәа уи иашам, избанзар раԥхьа аҳақьым уибароуп. Алаҵа ахаҭа ԥырхага унаҭаӡом, аха ауаҩы ицәа иалоу акы арҿыхар ҟалоит", - лҳәоит лара.
Ҭарба лажәақәа рыла, згәы бзиоу ауаҩы акоронавирус иласны изхымгаргьы ҟалоит.
"Сара сԥышәаҟны избахьеит зиммунитет лаҟәу, ачымазара лаҽы змоу аҿкчымазара иаҳа иласны ишырхыргаз згәабзиара ӷәӷәоуи, аспорт зҽазыҟазҵози, зыфатә еилызхуази раасҭа", - лҳәеит Ҭарба.
Викториа Ҭарба лгәаанагарала, Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала аҿкчымазара аанкылара зылшо алаҵа ауп.
"Ҳара алҵшәақәа цәгьамкәан иаабоит атәыла маҷқәа рыҟны алаҵа ахьыҟарҵаз. Уажәы уаҟа аҿкаара ыҟаӡам, уи агәыӷра ҳанаҭоит Аԥснгьы ус аҭагылазаашьа ҟалап ҳәа", - азгәалҭеит лара.
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2021
Скорик еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" хәарҭарас иалоуи ҷыдарақәас иамоуи ртәы
Владимерскии ихьӡ зху Москватәи аобласт аҭҵаарадырратә аклиникатә институт агәы-шьадатә аԥҟаҩы Гәлиа Леонид иҳәеит, алаҵа аамҭа кьаҿк ала иаԥҵоуп, аха ашәарҭара шамам насгьы уи хырҳагара алам ҳәа ишыԥхьаӡатәым.
"Алаҵа ҭыжьуп, егьырҭ аҿкчымазарақәа рзы алаҵақәа ахьҭрыжьуаз излеиқәдаршәуаз амаҭәахәқәеи атехнологиақәеи рыла. Алаҵа аамҭа кьаҿк ала иаԥҵоуп избанзар, аҿкы убысҟак ишәарҭоуп уи ахҟьаԥҟьақәа ауаҩы иԥсҭазаара аҵыхәтәахьы икылнагар алшоит. Убри азоуп ас иаарласынгьы изаԥҵаз, аибашьра ашықәсқәа раан еиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Гәлиа.
Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, макьана аҳәара уадаҩуп, ацәеижь аиуразы даҽа заҟантәи алаҵа ҟаҵатәу, аҵарауаа ари ачымазара ааигәа излацәырҵыз ала макьаана ишахәҭоу еиԥш иҭырымҵааӡацт.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0