Аҵарауаа ишьақәдыргылеит алаҵа ашьҭахь акоронавирус зласыз рыпроцент

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтограф-сессия К. Богомолова в центре вакцинации от COVID-19 в Гостином дворе
Автограф-сессия К. Богомолова в центре вакцинации от COVID-19 в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Голландиатәи аҵарауаа COVID-19 зыхьуа рыстатистика ҭырҵааит алаҵа ззыҟаҵаз амедицинатә усзуҩцәа рыбжьара.
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Алаҵа ҟазҵаз рҟынтәи атест-гәыԥ аҟынтәи ачымаза шьҭызкааз процентк иреиҵахеит. Аҭҵаара аихшьаалақәа кьыԥхьын асервер medRxiv.org аҿы.
Врачи республиканской больницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
COVID азы алаҵа аԥхьа иҟаҵатәузеи
Убри аан иазгәаҭан ирыхьыз коронавирус аштамм  ҿыц "дельта" шакәыз.
Аҵарауаа ишырҳәо ала иахьазы рхы иадырхәо алаҵақәа рҟынтәи акгьы 100-процентк хра аманы ишыҟам.
Нидерландиатәи  Еразмус Амедицинатә центри Радбауд Ауниверситети рҵарауаа анализ азыҟарҵеит COVID-19 амедицинатә усзуҩцәа рыхьра, аҭыԥантәи ахәышәтәырҭақәа ҩба рҿы.
Дара иҭырҵааит  алаҵа аҩбатәи адоза ашьҭахь 14 мшы рыҩныҵҟала ицәырҵыз аҿкыра, убри аан 45 мшы уи аԥхьа  ауаҩы акоронавирус иҵоуроу арбагақәа имамкәа иҟазаараан.
Анализ иаанарԥшит алаҵа нагӡаны изоуыз 24 706-ҩык рҟынтәи 161-ҩык шычмазаҩхаз. Ари иартәоит 0,65 процент.
Авторцәа ишазгәарҭо ала, убри аан изласызгьы ачымазара уадаҩрада ирхыргон, ахәышәтәырҭахь аӡәгьы днагамызт. 90,5 процент SARS-CoV-2 адельта-вариант акәын. Ичмазаҩхаз рыбжьаратә қәра 25,5 шықәса рыкәша-мыкәша иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0