Аԥсны COVID-19 амшала зыԥсҭазаара иалҵыз апациентцәа 380-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Инвитро" начала тестирование на коронавирусную инфекцию
Лаборатория Инвитро начала тестирование на коронавирусную инфекцию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25199-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21165-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 380-ҩык.
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 454-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 111-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи аковид госпиталь аҟны дыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны дыԥсит 1953 шықәсазы ииз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 74-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 74-ҩык апациентцәа, быжьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0