00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аконсултә еизгақәа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҿы ршәара ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы анҵәамҭазы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Асида Шьаҟрылԥҳа Аԥсны абанк анапхгаҩ иахь ашәҟәы налышьҭит атәылауаа аҳәынҭбаџьқәеи аконсултә еизгақәеи Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҿы ршәара азин рымазарц.
АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Амилаҭтә банк Аҵәахырҭатә банк иаднҵеит 2021 шықәса жьҭаара 1 иахымгакәа Урыстәыла атәылауаҩ иҳәаанырцәтә шәҟәы аиураз ашәарақәеи аконсултә еизгақәеи иара аҟәшақәа зегьы рҿы ршәара азин ҟаҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит  "Аԥсныпресс".
Иахьатәи аамҭазы арҭ абаџьқәеи аизгақәеи ршәара ҟалоит Ажәанба №9 аҿы иҟоу  Аҵәахырҭатә банк аофис-цҵаҿы.
"Аханатә Ажәанба имҩаҿы акасса №1090 аԥҵан атәылауаа рырманшәаларазы. Уаанӡа уа иҟан Аконсултә ҟәша. Адокументқәа харҭәааны иаразнакы аԥара ахыршәаауан. Иахьа ари аҭыԥ аҿы Аконсултә ҟәша аркуп, Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟоуп. Убри азы Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны ашәарақәа рымҩаԥгара алҳаршарц ҳаҿуп", - ҳәа азеиҭарҳәеит Sputnik Аҵәахырҭатә банк аҿы.
Ари атәылауаа ргәаранқәа еиҳа еихнашоит.
"Уажәазы ашәарақәа рыдыркылоит Гагра аофис хадаҿы. Мызкахьы ҩынтә Аконсултә ҟәша ахаҭарнакцәа неины анкетақәа рыдкылара мҩаԥыргоит  ААР ахыбраҿы. Иара уа  ашәарақәагьы ҟарҵоит", - рҳәеит абанк аҿы.
Аҟәа аҩнуҵҟа аҟәшақәа хәба ыҟоуп.
Ԥхынгәы анҵәамҭазы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Асида Шьаҟрылԥҳа  Аԥсны абанк анапхгаҩ иахь ашәҟәы налышьҭит атәылауаа аҳәынҭбаџьқәеи аконсултә еизгақәеи  Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы ршәара азин рымазарц ҳәа адырра ҟанаҵеит амаҵзура "Аԥсныпресс" цәыббра 8 азы.
Ари ауснагӡатә иара убасгьы акоронавирустә инфекциа аламырҵәара иазырхоуп ҳәа лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Лара ашәҟәы налышьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь. Уантәи илоуз аҭак иаҳәоит  аҳәаанырцәтәи ашәҟәы аиуразы аҳәынҭқарратә баџь ашәара ахьалшаша акассақәа ралкаара Ацҳаражәҳәарҭа аус алазаара ишаҵанамкуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0