Акультура аминистрра РУСДРАМ анапхгаҩы иаарту ишәҟәы аҭак ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Республики Абхазия
Кабинет Министров Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 3 азы РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба Акультура аминистр Гәдиса Агрба иаарту ашәҟәы изынеишьҭит ԥхынгәы 12 раахыс акультура аусҳәарҭақәа русура аанкылара инадҳәаланы.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Акультура аминистрра агәыӷра аанарԥшуеит хара имгакәа атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиӷьхап, акультура аусҳәарҭақәагьы русура иазыхынҳәып ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аминистрраҿы иазгәарҭеит ибзианы ишеилыркаауа РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба атеатр аусура ахьԥку азы имоу агәҭынчымра.
"Еилкаауп Акультура аминистррагьы ари азҵаара аӡбра аинтерес шамоу, аколлективқәа рҟазара азыхынҳәра ргәы шазыҳәо", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Уаанӡа Аурыс драматә театр анапхгаҩы иаарту ишәҟәаҿы иҳәеит Акультура аминистр иҟоу азы игәаанагара иҳәар шихәҭоу, "ишалшо алагьы акультура ахьчареи, акультуратә усҳәарҭақәа русура арманшәалараеи, урҭ  рыҿиареи рзы  илшо зегь ҟаиҵар шакәу".
Ираклий Хинтба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
РУСДРАМ анапхгаҩы Акультура аминистр иахь иаарту ашәҟәы иҩит
Ԥхынгәы 12 раахыс акультура аусҳәарҭақәа русура аанкылоуп Акультура аминистр Гәдиса Агрба идҵала. Нанҳәа 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ауааԥсыра ковид рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб абжьгарала аусдҵа инапы аҵеиҩит ачымазара аԥырҟәҟәаразы аԥкрақәа рӷәӷәазарц. Арахь иаҵанакуеит акультуратә усҳәарҭақәа русура аанкыларагьы.
Цәыббра 30 2021 шықәсазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Акультура аминистрра анапхгара раԥшьгамҭала Агәабзиарахьчара аминистр далархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Ара иҟаҵан ажәадгалақәа аамҭа-аамҭала акультуратә усҳәарҭақәа аԥкрақәа ирылгазарц, русура иалагартә алшарақәа рыҭазарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0