"Князь Владимир" сынтәатәи асезон азтәи аныҟәарақәа аанакылоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервый пассажирский рейс круизного лайнера "Князь Владимир" в Сочи
Первый пассажирский рейс круизного лайнера Князь Владимир в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Алаинер "Князь Владимир" апассаџьырцәа аманы Шәача игылан нанҳәа 29 инаркны цәыббра 4 нӡа, амшын ахыларазы иахәҭаз ашәҟәқәа ахьамамыз иахҟьаны.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Алаинер "Князь Владимир" асанитартә ршаҳаҭга амам, уи азы ари ашықәс азы аресқәа рымҩаԥгара алшом ҳәа аанацҳауеит аӷба аоператор ИАЕ "Черноморские круизы" асаит.
Иаанкылоуп ареисқәа: №13 (цәыббра 5 – 11), №14 (цәыббра 12 – 18). Ареис №12 апассаџьырцәа Шәача игылан нанҳәа 29 инаркны цәыббра 4 нӡа.
Цәыббрамзазы иҟамлаз ареисқәа рпассаџьырцәа рԥара рзырхынҳәхоит ҳәа аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа а-Вестник. Асаит адыррақәа рыла апассаџьырцәа ирылшоит абронь 2022 шықәсахьы ииаргар ахшәаа ацҵада.
Ареис №12 апассаџьырцәа ирыдгалан апроблема аӡбшьазы ҩ-вариантк. Иаанымгылаз атуристцәа ИАЕ "Черноморские круизы" адиректор хада Александр Брежнев иԥылара ашьҭахь ирыдгалан атур ахәԥсеиԥш иузмырхынҳәуа аихамҩатә билеҭқәа рыхәԥсагьы рзыршәарц.
Князь Владимир Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿ игылоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2019
"Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит
Алаинер аҿы иаанхаз амшын ихымлакәа зыхә ршәаз амаҵзура роуа иалагеит.
Акруиз анааныркылоз аамҭазы аӷбаҿы 450 турист ыҟан.
Шәача атранспорттә прокуратура атуристцәа рзинқәа рықәныҟәара ҭнаҵаауеит. Иара аҳасабырба кьыԥхьхоит мызкы анаҩс.
АИХқәа ишаарыцҳауа ала ИАЕ "Черноморские круизы" акомпенсациақәа ршәара иалагахьеит, арзаҳал назышьҭыз 272 пассаџьыр рԥарақәа роухьеит. Аҽа 105-ҩык хара имгакәа аԥара рырҭараны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0