Аԥҳәыс бырг алҩа дахәаҽит Очамчыра ахатә ҩнаҟны амцакра иҟалаз иахҟьаны

© Foto / Facebook/МЧС Абхазии Женщина погибла в результате пожара в частном доме в Очамчыре
Женщина погибла в результате пожара в частном доме в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Асабша ахәылбыҽха Очамчыратәи амцарцәаҩцәа адырра роуит Март 4 амҩала ахатә ҩны алҩа ахылҵуеит ҳәа.
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Ахатә ҩны амца акит Очамчыра, Март 4 амҩала, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра. Аҩны алҩа ахылдды ицон амцарцәаҩцәа адырра роуны аҭыԥ аҿы ианааи.
Амцакра амҽхак рацәак идумызт, уи ырцәаны алҩа андәылрыжь ашьҭахь амцарцәаҩцәа ирбеит аҩны иҩнахаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵны дшыҟаз. Лара 79 шықәса дырҭагылан.
© Foto / Facebook/МЧС Абхазии Амцакра ахьыҟалаз аҩны
Женщина погибла в результате пожара в частном доме в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Амцакра ахьыҟалаз аҩны
Заатәи адыррақәа рыла, амцакра зыхҟьаз ирцәамыз аҭаҭын ахыблаах акәзар ауеит. Аус ҭҵаахоит амзызқәа рышьақәыргыларазы.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0