Аҟәа араион аиҳабыра аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аҳасабырба ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследствия затопления города Сухум
Последствия затопления города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 4, 27, нанҳәа 16 рзы Аԥсны иахьаҵанакуаз аԥсабаратә рыцҳарақәа аҭыԥ рыман, аԥхасҭа дугьы ҟарҵеит.
АҞӘА, цәыббра 17- Sputnik. Аҟәа араион аҿы аиҳарак ааха роуит ақыҭамҩақәеи, аҩнхыбқәеи, афымцацәаҳәақәеи ҳәа рыҩуеит араион ахадара Facebook рхатәы даҟьаҿы.
Араион ахада Алхас Ҷытанаа иахьатәи аамҭазы имҩаԥыргахьоу аусурақәа ртәы далацәажәеит.
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа шаԥырырхуа атәы рҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы
"Ҳхатәы биуџьет ацхыраарала имҩаԥгоуп абарҭ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа: Ешыра ақыҭан хә-еихагылак иҟоу анхарҭаҩны ахыб ҟаҵоуп - 957 нызқьи 397 мааҭ рыхә, Кьылашәыртәи аӡышьҭра -510 нызқьи 690 мааҭ рыхә, Баслаҭа ақыҭан Кольцеваиа амҩа аиҭашьақәыргылараз - 252 нызқьи  061 мааҭ рыхә", - иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла араион аиҳабыра иара убасгьы азаахә ҳасабла иршәахьеит: 1 838 859 мааҭ Баслаҭа ақыҭа Обиезднаиа амҩа аҟаҵараз, 1 081 312 мааҭ Гәымсҭа ақаҭан аҩны №24 ахыб аԥсахразы.
Иахьазы Аҩада Ешыра ақыҭа амҩақәа фба реиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Амшқәа бзиахар жәамш рыҩныҵҟа Алада Ешыра аҩнуҵҟа аусурақәа хыркәшан, Баслаҭа ақыҭахь ииасуеит.
Цәыббра 17 азы Ешыра ақыҭа ахадара ахыбра ахыб аԥсахразы аусурақәа ирылагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0