Цәыббра 21-22 рзы Аԥсны араионқәак рҿы алашара ҟалаӡом

© Sputnik Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Анапаҵаҩра
Гал, Гагра араион, Гәдоуҭа ахәҭак рҿы аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы алашара ҟалаӡом.
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аҩаша, цәыббра 21 азы Аԥсны араионқәак рҿы алашара ҟалаӡом аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Асааҭ 15:00 - 18:00 рзы идырцәоит астанциа маҷ "Бзыбь-220", уа атрансформатор рыԥсахраны иҟоуп, иара убасгьы аҳауатә цәаҳәа "Бзыбь" аҿы аремонт ҟарҵараны иҟоуп. Абри аамҭазы Гагра араион, Гәдоуҭа ахәҭак рҿы алашара ҟалаӡом.
Ахаша, цәыббра 22 рзы асааҭ 11:00 - 15:00 рзы алашара ҟалом Гал араион аҿы. Ара аремонт-профилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит астанциа маҷқәа "Барӷьаб", "Оҭобаиа" рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0