Амобилтә госпиталь аҟынтәи илырҩаахьеит 130-ҩык инареиҳаны ачымазцәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара аҟаҵаразы нанҳәа 18 рзы.
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аҟынтә рчымазара рхыганы илырҩаахьеит 134 пациент, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны 600-ҩык ауааԥсыра рыдыркылахьеит
Аладатәи арратә округ амедусзуҩцәа агоспиталь аҿы ирыдыркылахьеит 650-ҩык Аԥсны ауааԥсыра. Иахьазы ара рыхәышәтәра иаҿуп 65-ҩык. Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык амедусзуҩцәа.
Агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алобараториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0