Гагра араионтә биуџьет аҟынтәи 2,5 миллион мааҭ амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа иазырхахоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России
Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымза алагамҭеи анҵәамҭеи рзы Аԥсны амшцәгьақәа иҟаз ирыхҟьаны аҩнқәеи аргыларақәеи акыр ааха рнаҭеит.
АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араионтә биуџьет аҟынтәи 2 миллионки 500 нызқь мааҭ аԥара аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьа иазырхахоит, иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа шаԥырырхуа атәы рҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы
Барцыц ишиҳәаз ала амшцәгьақәа раан аевкалипт-ҵлақәа каҳаит. Араион ахадарахь иаашьҭын 13 рзаҳал аҩнеихагылақәа рыӷәраҵақәа рҿы аӡы шеизаз. Иара убас, аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны аҭыԥантәи астанциа маҷқәа рҿы амцакрақәа ыҟан.
Аԥша иҵнажәаз аҵла Арӡынба имҩаду аҟны игылаз ахатәыҩны ахыб иақәҳаит. Аҽа ҵлакгьы аҩны иақәҳаит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рымҩаҿы.
"Абри ашьҭахь мызкы ааҵуаны Арӡынба имҩаду аҩнаҿы ахыб ԥсахын 800 нызқь мааҭ ахҭынҵаны. Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рымҩаҿы ахыб аԥсахра асмета аекспертиза иахысуеит. Аԥара хианы иҟоуп", - иҳәеит иара.
Барцыц иара убасгьы иазгәеиҭеит аӡымыҭҟьар амҩақәа шыҵнаӡәӡәааз. Урҭ реиҭашьақәыргылараз 500 нызқь мааҭ аҭахуп. Уи араион абиуџьет аҟынтәи ишәахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0