Гагратәи аконсултә ҟәша аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара иалагоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦеремония вручения российского паспорта Джулиану Генри Лоуэнфельду
Церемония вручения российского паспорта Джулиану Генри Лоуэнфельду - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша Гагра аус ауеит аԥхынтәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыдкылареи рыҭареи иара убасгьы атуристцәа ацхыраара рыҭареи рзы.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Гагра иҟоу аконсултә ҟәша аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит цәыббра 24 асааҭ  10:00 - 17:00 рзы. Абри атәы аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook ахатәы даҟьаҿы.
Аконсултә ҟәша Гагра амилициа араионтә ҟәшаҿы иҟоуп. Иазгәарҭуеит, ишхымԥадатәиу уаанӡатәи атәылауаҩ ишәҟәы уцзар шакәу.
Гагратәи аконсултә ҟәша аԥҵан 2009 шықәсазы Сергеи Лавров  Аҟәа дааны даныҟаз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри иареи реицәажәарала. Анаҩс аҟәша аадыртит 2010 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0