Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Дамениа адекларациақәа рхарҭәаара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Дамения
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит амаҵурауаа рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи рзы адекларациақәа рхарҭәаара азҵааразы.
Хра злоу ахҭысқәа: Дамениа адекларациақәа рхарҭәаара иазкны
Нанҳәа 1 аҟынӡа амаҵзуратә хаҿқәеи адепутатцәеи адырра нарышьҭыр акәын Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь рхашәалазы. Ус еиԥш ҟазымҵаз ма ииашам аинформациа назышьҭыз ачынуаҩ азакәан инақәыршәаны иусура дамхзароуп мамзаргьы лахь иҭазароуп ҳәа азгәаҭан адырраҭарақәа рҟны.
Адекларациақәа ихарҭәаау иаҳдырбоит урҭ аԥсҭазаараҟны иҟоу аҵабырг иахьынӡақәшәо аилкааразы анаҩстәи ашьаҿақәа шыҟаҵатәу, аха уи азы алшара ыҟам иахьазы ҳәа иԥхьаӡоит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа.
"…иаҳнарбоит анасҩтәи ашьаҿақәа шыҟаҵатәу, аха уи ҟазҵо амчқәа ҳамаӡам, абри ауп шәарҭарас иҟоу. Урҭ ашьаҿақәа рыҟаҵара зуалԥшьоу, ҳәарас иаҭахузеит, аиҳабыра роуп, апарламент, анагӡаратә, аӡбарҭатә мчқәа. Ах-махәҭак еилаланы ирыӡбароуп уи. Абри шәара ишәыӡбароуп ҳәа ажәлар ируҭар, адәаҟны еизоит, адәаҟны еизо акгьы рзыӡбаӡом. Ус анакәха ҳаҩнуҵҟа иԥшаатәуп даҽа мчык, уи аиҳабыра ирыжәло акәым, ирыцхраауа. Аиҳабыраҟны иҟоу зегьы аҵарҭыша ргоит ҳазҳәаӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Дамениа.

Аиҿцәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0