Ҭырқәтәыла "Спутник Лайт" аҭыжьра азин ҟарҵеит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация студентов и преподавателей Уральского государственного лесотехнического университета
Вакцинация студентов и преподавателей Уральского государственного лесотехнического университета - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иахьатәи аамҭазы иазхарҵо ҩ-еилазаарак змоу алаҵақәа роуп, "Спутник Лайт" уахь иаҵанакӡом.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Ҭырқәтәылатәи афармацевттә еилахәыра азин роуит урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ҭзыжьуа агәыԥ "ХимРар" рҟынтәи есымза 50-50 миллион лаҵа аҭыжьразы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Турция.
Аилахәыра Türk İlaç иалшоит алаҵа ҭыжьны аҭира. Арҭ аусқәа рынагӡара хацыркхоит Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистррахь азыҳәа азин анаиулак.
Аилахәыра ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит урыстәылатәи алахәылацәа аҭыжьратә лшарақәа еиҳаны ирҭаххар аамҭа кьаҿла амыругақәа аахәаны уи аус рнапы шаларкуа.
"Спутник Лайт" - COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи аԥшьбатәи лаҵоуп. Аус адуланы иҭыжьуп Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Иара 85% ауаҩы дахьчоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0