Абџьар, аџьаԥҳаны, аӷьычрақәа: Аԥсны ААР аоперативттә хҳәаа

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.
АҞӘА, цәыббра 26- Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа дааныркылеит уажәаԥхьа зыԥшаара рылаҳәаз Денис Кәакәасқьериа, иара ҭагалан 2020 шықәсазы Гагра иҟалаз аӷьычра далахәын ҳәа ахара идын.  Абри атәы аанацҳауеит амчратә усбарҭа апресс-маҵзура. 
Кәакәасқьериа идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар згәылаз аилаҳәыреи агранатеи. Денис Кәакәасқьериа даанкылоуп, иганахьала ашьаус хацыркуп.
Аԥсны ААР-и АШәМ-и русзуҩцәа дааныркылеит Аҟәа араион Ачадара ақыҭан инхо Гоча Гоџьуа, игәаҭараан идырбалеит ареспубликаҿы зхархәареи, зыҭиреи, зныҟәгареи ҟамло амаҭәашьар прегабалин.
Гоџьуа идырбалаз аԥсихотроптә маҭәашьар 24 грамм иҟан. Иганахьала ашьаус хацыркуп, доушьҭуп иҭыԥ дшахымҵуа азы инапынҵала.
Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭан инхо Анри Адлеиба даанкылан аиԥш зеиԥшу ацәгьоуразы, иаргьы идырбалеит аԥсихотроптә маҭәашьар прегабалин.
Гәымсҭа акыҭан АУН "Аԥсныеимадара" иатәу шә-метрак иҟаз ацәаҳәа зӷьычыз Ренат Шьанаа даанкылан. Ацәгьоура шыҟаиҵаз азы иҿы дақәшаҳаҭхеит, иганахьала ашьаус хацыркуп.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз Аусбарҭеи АШәМ-и русзуҩцәа Аҟәа дааныркылеит Омар Чачхалиа. Игәаҭараан идырбалеит хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар метадон. Закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аҭиразы ашьаус хацыркуп. Чачхалиа аҩнытә ҭакра иқәҵоуп.
Закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аиҭагареи, аҭиреи, аҵәахреи, аныҟәгареи, иара убас закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи, амҩангареи рзы ахара идҵоуп Гәылрыԥшь араион аҟны инхо Гарик Харчлаа.
Харчлаа дахьынхо иҩны аҟны иԥшаан абџьари аџьаԥҳани: 7, 62 милл иҟоу акарабин Симонов, Калашников авоматқәа ҩба, ахқәеи. Иара убас Харчлаа иҩны иԥшаан марихуана амаҭәашьар хә-граммк. Ахаҵа даанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0