"Ан агара лырҵысуан": ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак

© Foto / Предоставлено Абхазским государственным музеемЛюлька
Люлька - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак ҳрызхьалырԥшуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
"Ан агара лырҵысуан…
Лыбжьы наҩуан уи хара,
Аԥшқа дыцәон, нас дааԥшуан –
Дыччон, дҵәыуон изхара" - абас иҩуан аԥсуа поет Қьаазым Агәмаа ан илзикыз иажәеинраала аҟны.
Ан – заҟа иҵаулоузеи, заҟа иҟәымшәышәузеи ари ажәа. Ан - ахшара рзы иԥшьоу, аԥсҭазаара узҭо, еихазҳауа, ԥшшәы рацәала изырбеио. Ҳиаанӡагьы, ҳани нахысгьы иҳахӡыӡаауа, ҳгара рҵысуа ихааӡа агарашәа ҳзызҳәо, гәыблыла ҳзааӡо. Абарҭ зегьы лара лоуп – ан.
Закәытә цәанырра ԥхоузеи ирхылҵуа абарҭ ажәақәа илыхшаз ианралҳәо: "Ишәыхьша сыхьааит!", "Шәан шәара дшәыкәыхшааит!", "Анцәа дышәхылаԥшааит!", "Машәыр Анцәа ишәықәимҵааит!"
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ани агареи ртема санахьыс, иазгәасҭарц сҭахуп, ҳазну аамҭазы асабицәа зынӡа ахақәиҭра шрымоу. Ишааизҵәҟьа иааилаҳәаны ркаруат хәыҷы инагәыладыршәуеит. Аха есымша ус иҟамызт аамҭа, уаанӡа аԥшқа иааӡаразы зда ихәарҭамыз маҭәарын агара.
Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
"Заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит": асаби икәабаразы аԥсуаа разгәаҭарақәак
Аԥшқа данилак ишаԥу еиԥш шықәсыки бжаки ҩышықәса рҟынӡа агара дгарарҵон. Ҳазну аамҭазы ахәыҷқәа ргараҵара зынӡа ҳацәхҟьалеит умҳәозар.
Шәымҭак акәзаргьы ҳхьаԥшып шьҭахьҟа.
Ажәытәан, асаби ԥхьаҟатәи иԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа маҷхарц агара злырхуаз имҿы маҭәахә лыԥшаахыз аҭәаҵлеи ахьаҵлеи ракәын. Иара амаҭәахә аагаразы амш аныцәгьоу ицар, агара ззыҟарҵо илеишәа цәгьахоит, убри амш еиԥш есымша дҵәыуалоит ҳәа рыԥхьаӡон. Убри аҟнытә мыш бзиак аалхны рус рнапы аларкуан. 
Ан лыхшараиура анааигәахалак ахәыҷы имаҭәа, игара иақәнагоу агәабан хәыҷы, ахыза хәыҷы, ашьамхыртәага хчы, ашьапкәырша, агаракәырша, агарақәыршә, акалам уҳәа аиқәыршәара лҽазылкуан, амала ахәыҷы диаанӡа урҭ зыхьӡ ҳәоу акгьы аҩны иҩнаргаломызт, џьара ирҵәахуан.
Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2020
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки иахьатәи рхархәашьеи
Асаби иааӡараҿы зеиӷьаҟам акәын "зымшьҭа бзиоу", ахшара рацәа зааӡахьоу агара рхы иадырхәозҭгьы. Уи аҩыза агара абиԥарақәа инеимда-ааимдо иааргон.
Агара еснагь иахӡыӡаауан, пату ақәырҵон. Акажьра, абылра рзыгәаӷьуамызт, ҵасым азырҳәон. Хәыҷы рацәа еиҵазааӡахьоу агара ахархәара анамаиулак аамҭазы, аҩны кәакьҭак азырыԥшаауан, ақәыршә наҭаны убра инадыргылон.
Аҩнаҭаҿы ан, анду уҳәа жәларык аҳәса ахьыҟоу, ахаҵа агара арҵысрахьы ус имамызт. Агара арҵысра ԥҳәыс усхәуп ҳәа иԥхьаӡан.
Агара игароу асаби алаԥш дацәыхьчазарц азын ихьӡ лассы-лассы ирҳәаӡомызт, ахьӡ ҷыда ирҭон. Асаби иааигәа инеиуа рылаԥш дамкырц азы иҟарҵақәоз иреиуан:
  • Асаби ицәарҭа ашыц ҭарыԥсон, аҩымсаг хәыҷы иҵарҵон, игараҿы ацаха ҟаԥшь арҭон.
  • Алаԥш икӡом ҳәа игара амыдаӷьцәа (ракушка) хыршьуан, мамзаргьы икылҵәаны иҟаз ахаҳә шкәакәа.
  • Ахәыҷы агара дахьгароу данҵәыуа еиҳагьы еиӷьуп, "ихы ихьчоит".
  • Ахәыҷы дахьгароу изакәызаалак акы ихыганы аӡәы иуҭар, ҵасым ҳәа азгәарҭон аԥсуаа.
  • Агара ахәыҷы дгарамкәа амацара иангылоу идырҵысӡомыз, ҵасым ҳәа иԥхьаӡаны.
  • Ахәыҷы дышгароу агара наҟ-ааҟ икны ҩыџьа еиҭаргар ҵасмызт. Агара аиҭагара зыхәҭоу аӡәызаҵәык иоуп.
  • Ахәыҷы ҩба-хԥа шықәса дырҭысаанӡа дымшәарц азы имацара ддыриаӡомызт. 
  • Ахәыҷы агара дахьгароу аџыш хыушьыр, алаԥш икӡом.
Алаԥш атәы анаҳҳәа, ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара, ихшара алаԥш цәгьа иацәызыхьчо ракәны аԥсуаа ирыԥхьаӡоит аҵәамахә, арасамахә, аҽеимаа (агәашә азааигәара аандаҿы иахыршьуан), ашыц ашәчбӷьы (агәашә аҭаларҭаҿы, амаҵурҭа акәакьҭақәа, мамзаргь аҩны уахьагәыдыԥшыло икнарҳауан).
Иаагозар, аҿыцынхацәа алаԥш иацәыхьчахазарц рыҩны акәакьҭақәа рҿы иржуан аҵәымыӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Агәра ргон, арҭ амаҭәарқәа алаԥш рымԥан иаанашьҭуамызт ҳәа.
Амала уи зынӡа даҽа темоуп…
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак
"Ҳазхымԥо-ҳазҵымԥо": ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәа
"Данеицәкьысуа изҳауеит": ан, ахшара, ахшараиура ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0