Аԥснытәи абоксиор "ахьы" даиааит Борис Лагутин игәалашәара иазку аицлабрақәа рҿы

© Foto / Саир КачараваСаир Качарава
Саир Качарава - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Анапаҵаҩра
Абоксиорцәа реицлабрақәа ирылахәын 20-ҩык арԥарацәа Урыстәылатәи Афедерациа 27 регион рҟынтәи.
АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи абоксиор Саир Каҷараа аиааира игеит цәыббра 21 - 25 рзы Москва имҩаԥысыз Борис Лагутин игәалашәара иазкыз Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы.
Саир Качарава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Аԥсуа боксиор Саир Каҷараа Европа Аԥхьахә агаразы раԥхьатәи аиндаҭлара даиааит
Жәаф шықәса зхыҵуа Саир Москватәи Аолимпиатә резерв №1, уи иазыҟаҵаҩ - аспорт азы аспорт азҟаза, Чувашиа абокс азы ачемпион Иури Грачиов.
Арԥыс иажәақәа рыла, афинал аԥхьа ԥшь-еиԥыларак мҩаԥигеит, аха аҵыхәтәантәи акәын зегь реиҳа иуадаҩыз.
"Аиаша уҳәозар, мчыбжьыки бжаки раҟароуп аҽазыҟаха ансоу. Афинал аҟны сиԥылеит Пермтәи аспортсмен, уи 2019 шықәсазы синдаҭлахьан, аиааирагьы згахьан. Сара хықәкык акәын исымаз - ахьтәы медал агара, афинал ахь сышнеиуа азы гәыҩбара сымамызт", - иҳәеит иара.
Саир гәҭакыс имоуп Никифоров-Денисов рыхраҿазы аиндаҭлара аҽалархәра, уа еиԥылараны иҟоуп 15-18 шықәса зхыҵуа арԥарацәа. Атурнир мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмзазы.
Борис Лагутин – асовет боксиор, СССР фынтәтәи ачемпион, Европа ҩынтәтәи ачемпион, ҩынтәтәи Аолимпиатә чемпион, СССР аспорт азҟаза.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсуа боксиор Саир Каҷараа аԥхьахә даԥсахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0