Sputnik амчыбжь: Бжьаниа ипресс-конференциа, COVID-19

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит цәыббра 20-26 рыҩныҵҟа имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
  • Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада  Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит, аԥснытәи АИХқәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит, еихыршьаалеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.
Sputnik

Ахада ипресс-конференциа

Цәыббра 21 азы имҩаԥысит Аслан Бжьаниа  ипресс-конференциа амассатә информациа ахархәагақәа рзы. Х-сааҭк ицоз апресс-конференциаҿы хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
ПК Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Бжьаниа: ҳара иҳалшеит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русура арӷәӷәара
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара атәыла ахадас дыҟоуижьҭеи азинхьчаратә усбарҭақәа русура арӷәӷәара алыршахеит ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иагхеит. Еиҳа иӷәӷәоу ацәгьоурақәа маҷхеит, урҭ раарԥшрақәагьы еиҳахеит. Уи адагьы, аҳәынҭқарратә мазара аимҵәаразы ашьаусқәа хацыркуп.
Аҩнытә рбаандаҩра аӡбахә ҳәо, ахада иазгәеиҭеит уи зцәазтәым аҳәса рганахьала мацара шакәу иахьныжьтәу, избанзар ацәгьоурақәа ирызгагоу ауаа аҩнытә рбаандаҩра рхы иархәаны ҩаԥхьа азакәан еиларгоит.
Ирзааҭгылан аенергетика аҟны иҟоу ауадаҩрақәа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла афымцамч аҟны уадаҩра хаданы иҟоу афымцалашара ахә ахымшәаара ауп иҳәеит.
Аҵыхәтәантәи 24 шықәса рыҩнуҵҟа ахархәаҩцәа миллиардки 800 миллион мааҭ ауал рзеизеит, киловаттк азы 40 копеи ахә аан ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Бжьаниа иажәақәа рыла, афымцамч аусхк аҟны ауадаҩрақәа рацәоуп, урҭ рыхәҭак шықәсыла рыӡбара аҭахуп. Раԥхьа иргыланы, атәылаҿы ишьақәыргылатәуп економикала ишьаҭарку, ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо атариф. Ахархәаҩцәа зегьы ирзықәыргылазароуп афымцамчԥхьаӡагақәа, уи аганахьала аусура мҩаԥыслоит иҳәеит ахада.
Уи адагьы, афымцамч ауадаҩрақәа рыӡбаразы аԥара рацәаны иалагалатәуп. Иаҳҳәозар, Гал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциақәа реиҭашьақәыргыларазы иаҭахуп 10 миллион мааҭ. Уажәазы Урыстәылеи Аԥсни еилацәажәахьеит, актәи аетап аан ахархәаразы иаарышьҭхьеит хә-миллион мааҭк рҟынӡа аԥара.
Аинвестициақәа рыӡбахә ҳәо, Бжьаниа иазгәеиҭеит аинвесторцәа рхатәтәрахьы акгьы шмиасуа. Аԥсны афымцамч ҳҳәынҭқарра иахатәтәны ишыҟазаауа.
Ф-нызқь рҟынӡа акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ауааԥсыра ирылганы аҵәахырҭа ҷыдаҿы ишьҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы.
Иара иажәақәа рыла, акриптовалиута арҳаразы аферма дуқәа ареспубликаҿы шамахамзар иаанымхеит, аха макьанагьы ауаа ирылоуп 30 нызқь рҟынӡа ахархәагақәа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит атәыла анапхгара ари абизнес азакәаншьаҭа аҭара рҽазыршәараны ишыҟоу, анаплакыҩцәа акриптовалиута арҳара ахьрылшаша атехнопарк аартны.
2022 шықәса хәажәкырамзанӡа Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳара азин ҟаҵам атәыла аенергосистема ауадаҩрақәа инарымаданы.
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
Уажәтәи аамҭазы ареспубликаҿы амилициеи АШәМ аусзуҩцәеи алархәны ареидқәа мҩаԥысуеит закәаншьаҭада афымцатә ҳақәа зҽырԥызшьуа атәылауаа раанкыларазы.
Иара убасгьы  атәыла ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы ҩ-тәылауаҩрак азҵаара далацәажәеит. Аԥсны иазнархиеит, урыстәылатәи агангьы ақәшаҳаҭхеит ҩ-тәылауаҩрак риуразы аиқәшаҳаҭра апроект, Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра аиура еиҳа ирмарианы рзымҩаԥгара алзыршо иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит нанҳәа 25 рзы инапы аҵаҩны урыстәылатәи аган ишазынаишьҭыз аусԥҟа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак риура азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы. Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аиқәшаҳаҭра аус адуларазы апункт азԥхьагәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реиуаныршәара ашьаҭала иаку асоциалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкаара Апрограммаҿы.

Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рылҵшәақәа

Цәыббра 19 азы Аԥсны имҩаԥысит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа. Ареспублика аҵакыраҿы иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба, урҭ рҟынтәи ҩба аҳҭнықалақь аҿы.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык ауааԥсыра
Афедералтә алхырҭатә округқәа рҟны "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит. Аԥсны иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа жәба рҿы иааизакны рыбжьы арҭеит 14549-ҩык.
Мандатктәи алхырҭатә округқәа рҿы аиааира ргеит акандидатцәа: Иу.И. Григорьев, А.В. Гордеев, А.Е. Хинштеин, С.С.Журова.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ҭабуп ҳәа ахнаҳәааит  алхрақәа реиҿкаара ҩаӡара ҳаракыла иахьымҩаԥгаз азы.

Иахьӡаз аҳасабырба ҟарҵеит

Цәыббра 23 азы аилацәажәараҿы Аԥсны ашәахтәқәеи аныхрақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанаба аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адекларантцәа рзы адырра ҟазымҵаз ҳәа 351 ҳәынҭеиҿкаара рыӡбахә иҳәеит.
Джансух Нанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Нанба аҳәынҭмаҵзурауаа шаҟаҩы адекларациақәа харҭәааны иназышьҭыз иҳәеит
Аԥсны ашәахтәқәеи аныхрақәеи рзы аминистрра апрограмма ҷыдаҿ адекларациақәа хадырҭәаахьеит 1438 декларант.
Нанба иажәақәа рыла ԥхынгәы 30 иашьҭанеиуаз арыцхә азы анормақәа инарықәыршәаны апрограмма аркын. Ус шакәызгьы аусбарҭа аиҿкаарақәа рҟынтәи адекларациақәа аднакылон.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуаа рнапы ианиҵеит дара рнапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа рԥылара мҩаԥганы аилыркааратә усура ҟарҵарц, адекларациақәа аминистррахь инашьҭызарц.

COVID-19 акәша-мыкәша

Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьеи иара ацәырҵра ҿыцқәа раԥырҟәҟәаареи дрылацәажәеит аԥыза-министр иԥылараан Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик 20 мш рыҩнуҵҟа COVID-19 рыдбалоуп 246-ҩык ахәыҷқәа. Убри аан 2020 шықәса абри аамҭахҵәахаз 452-ҩык чмазцәан лҳәеит лара.
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит
"Иахьа ачымазара маҷк илаҳашьҭит. Уи зыбзоуроу алаҵаҟаҵара, аԥкратә уснагӡатәқәа, еиҳа ҭакԥхықәрала ахымҩаԥгара ауп", - лҳәеит Скорик.
Лара иазгәалҭеит асанитартә-епедемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи Агәабзиарахьчара аминистрреи  аҵарашықәс ианалага инаркны ахәыҷқәа ачымазара шрыдырбало.
Гал араион асанитартә ҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Георги Қобалиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәатәуп ҳәа. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа ахысра аԥҟарақәа рырӷәӷәара аҭахӡам ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
"Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәааҟны игылоуп ҳмедицинатә пункт, есҽны уа ашьыжь асааҭ быжьба инаркны ахәылбыҽха асааҭ быжьбанӡа, аҳәаа ахьынӡаарту, амедицинатә усзуҩцәа ҷаԥшьоит. Аҳәаа иахысуа ирымырхуеит алаҵа шыҟарҵахьоу азы аилыркаага, мамзаргьы 72 сааҭ еиҳаны изхымлахьоу ПЦР-тест азы ашәҟәы, ма ацәеижьҿагылақәа шрылоу зҳәо ашәҟәы", – инаҵишьит иара.

Алаҵа ҿаҵоуп

Арадио Sputnik аинтервиу аҭо Лиудмила Скорик илҳәеит аимҳәазы алаҵа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ишҿаҵо. Алаҵа ҟазҵар зҭаху зегьы ироуеит алшара аполиклиникақәа рҿы аҟаҵара.

Абылтәы баџьда

Цәыббра 21 азы  Москва Аԥкаанҵа анапы аҵаҩуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаларгало анефҭаалыҵқәа рхышәаҵышәа азырҳаразы.
Аԥкаанҵа инақәыршәаны Урыстәыла аенергетика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи 2021 шықәсазтәи аквота ҿыцқәа шьақәдыргылеит.

Аџьашьахәқәа ҟалалоит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриел Пацуриа изы 160 миллион мааҭ аизгара рыланаҳәеит. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы аԥареизгара аркуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонди АИХқәеи реинырразы аменеџьер Мариа Шьакаиаԥҳа.
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Зыхьӡ змырзаз амеценат Габриель Пацуриа изы 126 миллион мааҭ ишәеит
Ахәыҷы аамз анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥ лагаҩагареи албаадареи уадаҩхеит.
Ахәыҷы еиқәырхараз иаҭахуп 160 миллион мааҭ иаԥсоу агәыр "Золгенсма". "Золгенсма" Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иануп адунеи аҿы реиҳа зыхә дуу ахәшә ҳәа.
Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥадатәиуп.
Ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 18 рҟынӡа Аԥсны еизыргеит миллионки 728 нызқьмааҭ. Ахәыҷы иҭаацәа ахьынхо Урыстәылагьы аԥареизгара мҩаԥысуан, уа еизыргеит  32 миллион мааҭ.
"Дҟалеит аԥара аиҳарак зшәаз амеценат, аха иара ихьӡ арзара иҭахым", - лҳәеит Мариа Шьакаиаԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0