Путин Бжьаниа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин Бжьаниа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит
Путин Бжьаниа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәанаҭоит. 28 шықәса раԥхьа ари амш аҽны аԥсуаа риааирала ихыркәшан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳтәылақәа реизыҟазаашьа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рымҩала аҿиара иаҿуп. Агәраганы сыҟоуп, ҳамчқәа еидҵаны ԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа ишрыцаҳҵало", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы. 
Владимир Путин иазгәеиҭеит "Урыстәыла наҟ-наҟгьы Аԥсны ишацхраало актуалра зҵоу аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа рыӡбараҿы, иара убас амилаҭтә шәарҭадара аиҿкаараҿы".
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0