Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш

© SputnikАбхазский флаг
Абхазский флаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсны аԥшьаша иазгәарҭоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Сынтәа 28 шықәса ҵуеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анынҵәаз амш аахыс.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит
СССР анхыбгала ашьҭахь хара имгакәа Қырҭтәылатәи ССР автономтә республика аҳасабала 1931 шықәса раахыс иалаз Аԥсны уи ишалҵуа азы, Қарҭ аҟынтәи ахьыԥшымра азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак нанҳәа 25 1990 шықәса рзы ирыланаҳәаз "Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа" уи аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи шьаҿахеит.
Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьыхын ақырҭуа еиҳабыра раԥшьгарала, уи ашьҭахь 1992-1993 шш. раан иҵысыз аибашьра ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра де-фактои де-иуреи ишьақәнарӷәӷәеит. 
Ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак 1978 шықәсазтәи Аконституциа аԥыхны 1925 шықәсазтәи Аконституциахь аиасра аӡбамҭа аднакылеит. Уи аҩбатәи ахы инақәыршәаны Аԥсны исуверентәу ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектуп.
Убри аамҭазы Аԥсны Апарламент Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ажәалагала нанашьҭит арҭ аҩ-тәылак рыбжьара афедеративтә еиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны ззинқәа еиҟароу субиектқәак раҳасабала аиҿцәажәарақәа ирылагарц.
Аха ақырҭуа еиҳабыра аполитикатә еиҿцәажәарақәа рцынхәрас амч рхы иадырхәеит, 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит.
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан. Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит.
Сынтәа Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи Рымш азы Аԥсныҟа иааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Ари аҽны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы абаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, агәалашәаратә митингқәа мҩаԥыргтит, ашҭақәа рҿы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа адырҳәалоит. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы аковид аламырҵәаразы иақәнагоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаны имҩаԥыслоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0