"Зегьы идырбатәын ҳгәы каҳаны ҳшыҟамыз": Аԥсуа театр аибашьраан агастрольқәа рахь ишцаз

© SputnikАбхазский драмтеатр
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа театр аибашьра адәаҟынтәи Владислав Арӡынба идҵала агастрольқәа рахь ишцаз атәы шәаԥхьа ҳматериал аҿы.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Аҳәынҭқарра ҳәынҭқаррак аҳасабала ианышьақәгыла, ианҿиа, акультура уи аҿы ихымԥадатәиу акакәны ишыҟац иаанхоит. Культурада амилаҭ рдоуҳа, рыхдырра ҿиашьа амам. Дарбанзаалак ауаҩы ихымҩаԥгашьеи ихәыцреи ираԥхьагылоуп дызлыҵыз амилаҭ ркультура, уи ауп даҽа милаҭк дрылызкаауа.
Аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс акультура пату рзақәын. Жәытә аахыс иааҳгоз аԥсуа шәаҳәареи кәашареи рнаҩс атеатр аартреи, уи аҭаареи даҽа хдыррак, лаԥшҳәаак цәырнагеит.
Аԥсуа культура ахәҭа хадақәа иреиуоу ҳаԥсуа театр еиуеиԥшым аамҭақәа рзын ҳмилаҭ ӡырнагон, ажәлар ҳҿахәы, ҳҵас, ҳқьабз, ҳбаҩхатәра еилырганы атәым ҳәынҭқаррақәа ирбарц, ираҳарц иазааԥсон ҳактиорцәа дуқәа. Ирацәоуп аԥсуа театр анысымҩа, уи аҭоурых ӷәӷәа змоу культуратә баҟаны иҳамоуп иахьа уажәраанӡа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан атеатр аусзуҩцәа аӡәырҩы рыԥсадгьыл ахьчаразы игылт. Аха ԥхынгәымза 1993 шықәсазы, урҭ аибашьра амца еилашыра ианалагылаз аамҭазы, жәлар рԥыза Владислав Арӡынба афронт аҟынтәи атеатр аусзуҩцәа - актиорцәа, арежиссиорцәа - зегьы дрыԥхьеит.
Акультура аусзуҩцәа иаразнак ираҳара рзымдыруа, иҳаиҳәарызеи ҳәа идәықәлеит Гәдоуҭаҟа. Зегьы ргәырҽанӡамкәан Владислав Арӡынба актиорцәа рахь ихы нарханы дҵас ириҭеит аамҭа маҷк иалагӡаны аспектальқәа шьақәыргылан гастроль ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәларц. Уи ахҭыс атәы игәаларшәо, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Кьасоу Ҳагба иҳәоит:
Кьасоу Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2020
Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир
"Аҳәаанырцәтәи агастрольқәа шықәсыбжак шагыз еиҿкаалатәын. Усҟан атеатр аиҳабыс иамаз Валери Ақаҩба Москватәи агастрольқәа изныкымкәан еиҿикаахьан. Убас иҟалеит ҳгастрольқәа руак цәыббрамза иақәшәеит. Актиорцәа зегьы еибашьуан, аҭабиақәа ирҭатәан, Валери Михаил-иԥа днарыдкыланы. Ҳгастрольқәа раамҭа анааи, Владислав Арӡынба иҟны ҳнеины иаҳҳәеит, цашьа шҳамам атәы. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылоуп, абџьар кны ахацәа еибашьуеит, ҳара асценаҟны ҳазлахәмаррызеи?! Владислав дааҳахәаԥшын, абас иҳәеит: "Абыржәыҵәҟа, аминистр адҵа исҭоит актиорцәа зегьы аҭабиақәа иҭыганы иааигарц! Валери Михаил-иԥа адекорациазы иаҭаху аҟәрышь ҳаиҳәоит, аспектакльқәа рықәыргыларазы иаҭаху зегьы еиҿкааны шәдәықәлоит! Ҳара ҳазҿу аҵкьыс еиҳауп шәара иҟашәҵо!" - ҳәа игәалашәара ҳацеиҩишеит Ҳагба.
Адырҩаҽны, аспектакльқәа реиҭашьақәыргыларазы иазыԥҵәан иахәҭаз аҟәрышь. Витали Қацәбеи Рушьни Џьопуеи дәықәлеит Маиҟәаԥ, ҩ-спектакльк "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Махаз" рдекорациақәа азырхиаразы. Гәдоуҭа имҩаԥысуан аҽазыҟаҵарақәа, цәыббрамзазы рыҩспектакльк азыхиан адырбаразы.
Аибашьра еилымгацызт, ауаа ҭахон, ирацәан аԥсҭбарақәа. Аха Владислав Арӡынба ихымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡон агастрольқәа рымҩаԥгара, ҵакыс иамазгьы убри акәын, зегьы идырбалатәын аԥсуа жәлар ргәы каҳаны ишыҟамыз, аԥсуа идоуҳатә культура ишамоу ахаҿы цқьа, еизаку аҳәынҭқарра культурада ҿиашьа шамам атәы.
"Уԥсадгьыл амца анаку ужәлар, ууа-уҭынха, уҩызцәа аибашьра ианалагылоу, уцаны ахәмарра даара ихьанҭоуп. Ҳхәыцрақәа зегьы ҳаԥсадгьыл аҭыӡшәа иазкын", - ҳәа иҳәоит Ҳагба.
Москва ақалақь, атеатр "Малая Бронная" аҟны имҩаԥгаз агастрольқәа, нас Санкт-Петербург идырбаз аспектакльқәа қәҿиарала имҩаԥысит.
"Москва "Малая Бронная" аҟны ҳахәмарит "Кьоџьаа рҭыӡшәа", нас "Махаз". Усҟантәи ҳақәгылара зегьы иреиӷьын ҳара ҳзы, изббанзар Аҟәа агаразы ажәылара ишалагаз ҳаҳаны ҳаҟан. Ҳашрыдыркылаз атәы ажәала иузеиҭаҳәаӡом. Иаҳхәмарыз Фазиль Искандер иҩымҭала иқәыргылаз аспектакль "Махаз" иаҳәоз даара ирацәан. Зқьышықәсалатәи ҳадгьыл ахьаа, агәынқьбжьы аныҩуеит. Иахьнаҳгалак зегьы еицџьаршьон. Уи ашьҭахь ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа еидымҵӡакәан, атеатрҭҵааҩцәеи, аинтеллегенциеи, Витали Ақаҩба ибзианы дыздыруази уамакала ҳакәгылара рыдыркылеит", - ҳәа иҳәоит Кьасоу Ҳагба.
Агастрольқәа хыркәшаны амҩа ишықәыз ираҳаит акыраамҭа иззыԥшыз ажәабжь бзиа, Аԥсны аӷа дшалырцаз, ҳажәлар Аиааира шыргаз.
"Зегьы гәыдибакылон, еибарҵәыуон... Убасҟан ҭоуба шьҭасҵеит, аҭаҭын ахара сшаҟәыҵуа ҳәа, убри аахыс зынӡа сахаӡом", - ҳәа иҳәоит Ҳагба.
Аибашьра ашьҭахь актиорцәа атеатр раԥхьаӡа акәны ианааҩнала, даара ишанхеит. Уи атәы игәаларшәо актиор иҳәоит:
Абхазский флаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш
"Ҳтеатр аҟны ҳанааи, ҳамаҭәақәа, ҳкостиумқәа ҳзыԥшаауамызт. Леон икостиум сызлахәмаруаз, Аазиз Агрба аҭауад имаҭәақәа зегьы дәылганы, автоматла еихсны иԥхасҭартәит, ҳдекорациақәа рблит. Аԥсны зегьы былуа ианалаз, ақырҭцәа реибашьцәа адҵа рырҭеит атеатр иаламкьысырц, зегьы акоуп ҳара иаҳзаанхоит ҳәа агәыӷра рыманы. Изыхьчоз ҳәа иҟазгьы ахьҭа ианакы, адашьма амхны, ибылны рыҽдырԥхон.
Аибашьра ашьҭахь ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара ианалацәажәоз, Владислав Арӡынба иаразнак адҵа риҭеит раԥхьаӡа атеатр напы адыркырц. Ус иагьыҟалеит, атеатр еиҭашьақәыргылахеит, ҩаԥхьа ахәаԥшцәа рзыҳәаны ашәқәа аанартит.
"Иахьеиԥш исгәалашәоит, аибашьрашьҭахьтәи раԥхьатәи ҳақәгылара. Асцена зегьы уаала иҭәын, иҭацәыз ҭыԥ ыҟамызт, акыраамҭа ҳаззыԥшыз ҳгәахәтәы наӡеит", - ҳәа иҳәоит Кьасоу Ҳагба.
Иахьа апандемиа маҷк ишаҳԥырхагоугьы, аԥсуа театр аусура гәыгәҭажьым, қәҿиарала аус ауеит. Ирацәоуп иалагылоу аҿыцрақәа, аҿар угәы иаахәартә еиԥш азҿлымҳара аадырԥшуеит аҟазара аганахь ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0