"Аԥсны ӡыригоит": ажурналист Зафер Ҷкотуа Ҭырқәтәыла иусура иазкны

© Foto / Предоставлено Зафером ЧкотуаЗафер Ҷкотуа
Зафер Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Анапаҵаҩра
"Аԥсуа аԥхьаҩцәеи, арадиозыӡырҩцәеи, ателехәаԥшцәеи рзы иҳалҳаршоит лассы-лассы ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла излахәу ахҭысқәа арылацәажәара, ҳарзааҭгылоит Аԥсны иадҳәалоу аҭоурыхқәа".
Ҳџьынџьуаҩ Зафер Ифрар-иԥа Ҷкотуа ажурналистика инапы алакижьҭеи 40 шықәса ҵуеит. Аԥсны ацара аара алыршахо ианалага нахыс иара акьыԥхь аҟны иҭоурыхтә дгьыл аӡбахә зҳәо ажәабжьқәеи Ҭырқәтәыла аԥсуаа злахәны имҩаԥысуа ахҭысқәеи рӡыргара иҽазикит. Атәым ҳәынҭқарраҟны Зафер Ҷкотуа ижәлар рҭоурых шеиҭеиҳәо анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Зафер Ифрар-иԥа Ҷкотуа диит Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь ақалақь. Иаби иан Суна Қапԥҳаи ирааӡеит ԥшьҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Абжьаратә школ ашьҭахь, Зафер Сақариа далгоит ажурналистикатә курсқәа, иаразнакгьы агазеҭ аредакциахь аусура дрыдыркылоит. Анаҩс, аԥышәа ду аниоулак Сақариа араион аҟны иаԥиҵоит лассы-лассы Аԥсны ахьӡыриго, уажәшьҭа 27 шықәса зхыҵуа арадио "MEGA", убас жәаҩа шықәса ирықәу аинтернет газеҭ "ADA TAVIR". Зафер Ҷкотуа Сақариа ишьақәиргылеит "RETET" захьӡу арадиои, ателехәаԥшреи, аинтернет газеҭи Реидгыла. Жәаҩа шықәса ҵуеит хантәаҩра азиуеижьҭеи.
"Ҳара амассатә информациатә хархәагақәа рыла ауаажәлар ирзеиҭаҳҳәоит Сақариа араион ганрацәалатәи аԥсҭазаашьа, иара убас Ҭырқәтәыла ахыи аҵыхәи аҳәаанырцәи имҩаԥысуа хра злоу ажәабжьқәа. Аԥсуа аԥхьаҩцәеи, арадиозыӡырҩцәеи, ателехәаԥшцәеи рзы иҳалҳаршоит лассы-лассы ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла излахәу ахҭысқәа арылацәажәара, ҳарзааҭгылоит Аԥсны иадҳәалоу аҭоурыхқәа", - инаҵишьит ажурналист.
© Foto / Предоставлено Зафером ЧкотуаЗафер Ҷкотуа иколлективи иареи
Зафер Ҷкотуа иколлективи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Зафер Ҷкотуа иколлективи иареи
Амҳаџьырра иахнагаз ргәалашәара амш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа, аԥсуаа реизарақәа уҳәа Ҭырқәтәыла иазгәарҭозаалак, имҩаԥысуазаалак Зафер дзыхьӡо акьыԥхь иагижьуам. Аԥснынтәи ҳџьынџьуаа рахь аӡәы ҭҵаарак амҩаԥгаразы днеиуазаргьы, инапы злаку аус ззынархоу атәгьы ӡыргарак аҳасабала амассатә информациатә хархәагақәа рҟны иалацәажәоит.
Хаҭала сара, 2019 шықәсазы амҳаџьырра 155 шықәса ахыҵра ахьӡала Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа гәыԥҩык ирызкны ашәҟәы-альбом азы аинформациа анеидыскылоз, Зафер Ҷкотуа астудиахь ааԥхьара сыҭаны дсыҿцәажәеит, ажәлар ирылеиҳәеит хықәкыс исымаз атәы.
Зафер Ҷкотуа ҳаицәажәараан Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз атәгьы сзеиҭеиҳәеит.
© Foto / Предоставлено Зафером ЧкотуаЗафер Ҷкотуа, Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа, Саида Жьиԥҳа, Ерол Ԥлиа
Зафер Ҷкотуа, Иуџьаль Сергьегьиап,ҳа, Саида Жьип,ҳа, Ерол П,лиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Зафер Ҷкотуа, Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа, Саида Жьиԥҳа, Ерол Ԥлиа
"Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иқәыԥшны иахнагаз сабду иабду Ҳадам иоуп. Дара жәаҩык аишьцәа ыҟан. Даҽаӡәгьы Лагәсҭан захьӡыз Шьамтәылаҟа дықәҵит. Аԥсны инхази дареи еицәыӡит. Иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу Ҷкотуаа Абдул иԥацәа ҳәа иҳашьҭоуп, уи ихылҵқәаз роуп амҳаџьырра иақәшәаз. Ҳабиԥара иатәу Ҷкотуаа нхоит Аԥсны, Џьгьарда ақыҭаҿгьы", - еиҭеиҳәоит иара.
Зафер иаб иашьа иԥа Октаи Ҷкотуа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра далахәын, уи ашьҭахь иԥсадгьыл аҿы нхара даангылеит. 1994 шықәсазы, Зафер раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа данаа, Октаи дисасын. Усҟан атәылаҿы аҭагылазаашьа шыхьанҭазгьы ҳџьынџьуаҩ акырџьара дныҟәеит. Иуаажәлар рыбзазашьа ибеит. Иҟалеит игәы изырхьыз, уи еиҳарак аибашьра иннажьыз аахақәа ракәын, аха дзыргәырӷьаз еиҳахеит.
"Аԥсны араионқәа санырҭаа иахьабалак аибашьра ашьҭақәа убон, аха зегь акоуп сыԥсадгьыл џьанаҭ еиԥшнысшьылон. Ахыԥҽыхақәа ирҟәаҟәазгьы иргәылубаауан аԥшӡара. Сыуаажәлар ракәзар аӡәы илахь еиқәны дсымбеит. Аԥсҭазаара шыуадаҩызгьы, амамзаара шыҟазгьы аԥеиԥш бзиа иақәгәыӷуан, ргәы карыжьуамызт", - игәалашәоит Зафер.
© Foto / Предоставлено Зафером ЧкотуаЗафер Ҷкотуа иҭаацәа рыгәҭа
Зафер Ҷкотуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Зафер Ҷкотуа иҭаацәа рыгәҭа
Ажурналист раԥхьаӡакәны иҭоурыхтә ԥсадгьыл дшаҭааз, иибаз иаҳаз атәы хымԥада Ҭырқәтәылаҟа даныхынҳә акьыԥхь аҿы ицәыригеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Зафер иаб Ифрар аделегациа дацны Аԥсныҟа даахьан. Усҟан Ҭырқәтәылантәи гәыԥҩык аԥсуа хәыҷқәа рыманы рыԥсадгьыл иаҭааит рҭоурых иагәыладырԥшырц, рыуаажәлари дареи абзиабара рыбжьаларц. Ифрар Ҭырқәтәылаҟа даныгьежь иҭаацәа ирабжьеигазаап хара имхәыцкәа рџьынџьдгьыл ахь ахынҳәра азҵаара иазхәыцырц, рыԥсҭазаара Аԥсны иадырҳәаларц. Аха уамак мҵыкәа иалагеит аибашьра…
Ҳаиҿцәажәара анхҳарқәшоз Зафер Ҷкотуа иҳәеит ихы-иԥсы Аԥсны ишыҟоу. Аҭагылазаашьа шааиоулак еиԥш дмаар иуам.
Зафер дҭаацәароуп, имоуп ҩыџьа аԥацәа-Онури Бурақи.
Ажәабжьқәа зегьы
0