"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ауаа амитинг ахь ицәырҵырц 

© Sputnik / Леон Адлейба Пресс-конференция ветеранов ОВНА в связи с инцидентом 30 сентября 2021 года
Пресс-конференция ветеранов ОВНА в связи с инцидентом 30 сентября 2021 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы амилициааи аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак иалахәыз аветеранцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" анапхгареи, Абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи рпресс-конференциа мҩаԥысит АРСМИРА аҿы жьҭаара 3 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" аибашьра аветеранцәеи ауаажәларреи рахь ааԥхьара ҟанаҵеит цәыббра 30 Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс инамаданы амитинг ахь ицәырҵырц.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" аветеранцәа зегь рахь ааԥхьара ҟанаҵеит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхымҩаԥгашьазы агәынамӡара аадырԥшразы Апарламент аҿаԥхьа еизарц ашәахьа жьҭаара 4 асааҭ 11:00 рзы.
"Уахынла асааҭ 11 рзы, қәоураха, аӡәгьы дызқәымыз ашҭаҿы тапанчала ԥшьынтә иахьхысыз ауаажәларразы шәарҭара аҵамызт. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара рхымҩаԥгашьа акәзар, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ иақәшәоит", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа.
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит
Уи ашьҭахь ари ахҭыс иазкны иара аветерантә еиҿкаара аофициалтә ааԥхьара даԥхьеит. 

Цәыббра 30 рзы иҟалаз

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи, адепутат Гарри Кокаиеи, аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара аимак ҟалеит цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы - Аиааира Амшныҳәазы.
Аԥсны ААР адыррала, асааҭ 22:15 рзеиԥш Аҟәа аԥшаҳәаҿы Кокаиа аҳауахь ахысра далагеит, анаҩс амилициа аусзуҩцәа рганахьала ихжәаны ихы мҩаԥиго далагеит. Аисра ҟалеит. Адепутат уи ауха Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аӡҩыбжьа иалҵыз аветеранцәа гәыԥҩыки иареи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭон аҳҭнықалақь ақьафурҭақәа руак аҿы.
АИХқәа аинтервиу рызҭаз ақыҭа аиҳабы Дмитри Абыхәба иажәақәа рыла, "аҳауахь арԥарцәа хысит аныҳәа ахьӡала", ихысуаз дарбанҵәҟьаз сыздыруам иҳәеит. Иара иҟалаз аисра ҳәа сзахҳәаауам иҳәеит,  избанзар аисраан аҩганкгьы алахәуп, ара ганк акәын ӷәӷәала егьи аган зыпҟоз".
Адепутат Кокаиа ихаҭа иакәзар, иҟалаз ахҳәаа аҭо, дхысу дымхысу иаартны имҳәеит. Ахҭыс адырҩауха Ареспубликатә хәшәтәырҭа дҭашәеит.
Гарри Кокая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Адепутат Кокаиа цәыббра 30 ауха иҟалаз ахысра аӡбахә еиҭеиҳәеит
Ари аҭагылазаашьа Аԥсны ауаажәларра ршьапы иқәнаргылеит. Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иусура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит. Уи адагьы ауаа адҵа ҟарҵеит аамҭа мгакәа изаамҭанытәим Апарламент асессиа мҩаԥгазарц атәыла ахадеи, апрокурор хадеи, АШәМ ахантәаҩи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри алархәны Дмитри Дбари иусзуҩцәеи рхымҩаԥгашьа азинтә хәшьара арҭарц. 
Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 1 азы, аха азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа иақәыӡбаны еиқәдыршәаз ақәҵара рыдрымкылеит - абжьыҭараан абжьқәа азымхеит. Ашәахьа жьҭаара 4 рзы ари азҵаара ҩаԥхьа иахәаԥшраны иҟоуп. 
Апрокуратура хада цәыббра 30 рзы иҟалаз ахысра аҵыхәала агәаҭарақәа ирылагеит. Ашьаусԥшааранӡатәи агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ҭҵааны азинтә хәшьара арҭараны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны апрокуратура хада Аҟәа адепутатцәа рхысрақәа рзы агәаҭарақәа ирылагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0