"Дызхьымӡаз рацәоуп": Џьумбер Бениа игәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа ип,а Димеи иареи
Џьумбер Бениа ип,а Димеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан агәыԥ "Сатурн-Ураган" иалаз, Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа иахьа иԥсы ҭазҭгьы, ихыҵуан 54 шықәса.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еибганы иалҵыз ахацәа лабҿаба ҳҭоурых еиҭазҳәо роуп. Дара рҿахәала ҳара иахьа иаҳдыруа рацәоуп, уаҵәтәи абиԥарақәагьы ирдырша анҵоуп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, есышықәса аҭоурыхтә ӡыблара иалагылаз, ҳҭынч ԥсҭазаара иазықәԥоз аҵеицәа ҳаԥхо иалагеит. Иҟоуп ақәра ду нымҵакәа, аибашьра ирзыннажьыз ахәрақәа ирхырҟьаны изаамҭанымкәа зыдунеи зыԥсахыз. Убарҭ дреиуоуп Гагратәи арԥыс, агәыԥ "Сатурн-Ураган" иалаз, Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Џьумбер Тариел-иԥа Бениа Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ доушьҭымҭоуп. Арԥыс иқәыԥшра шықәсқәа мҩасит аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа, амитингқәа, амлашьратә акциақәа рныррала. Убри аҟнытә Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла иашьа Димеи иареи рҩызцәа рыгәҭа игыланы аӷа хәымга аҿагылара ирҭеит.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер иашьа Дмитри Бениа
Џьумбер иашьа Дмитри Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер иашьа Дмитри Бениа
"Џьумбер ҳара Џьунџьик ҳәа иаҳҳәон. Аибашьра ианалага нахыс ҳаицын. Гагра араион ақырҭцәа ранапаҿы ианаарга, ишыжәдыруа еиԥш, абаталионқәа шьақәгылаӡамызт, агәыԥқәа ракәын иҟаз. Убри аҟнытә гәыԥ-гәыԥла ҳҽеидкыланы ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рынагӡара ҳаҿын. Жьҭаара 2 рзы, Гагра ақалақь аҭарцәразы ажәылара ҳдәықәлеит. Арыцхә 5 рзы, "Холодная речка" ҳәа иахьашьҭоу ахахьы, ашьхараҿы Џьунџьик ахәра ӷәӷәа иоуит, ахы ирԥҳа иалалеит", - игәалашәоит аҩыза Ҭамаз Папба.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа
Џьумбер Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа
Гагра араион ахы ианақәиҭха, абазақәа злаз агәыԥ "Сатурн 1", Гагратәи аҷкәынцәа злаз агәыԥ "Сатурн", Лыхнытәи аҷкәынцәа ргәыԥ "Урагани" акны ишьақәгылеит "Сатурн-Ураган" ҳәа. Уи иалахәыз Ҟарачы-Черқьессктәи ахатәгәаԥхаҩы Татиана Кочи лажәақәа рыла, дара Аладатәии Аҩадатәии Ешыра ацәаҳәа аанкыланы итәан.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа аибашьцәа рыгәҭа
Џьумбер Бениа аибашьцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа аибашьцәа рыгәҭа
"Џьунџьик ихәра аҵыхәтәанынӡа имӷьацызт, аха аҩны даангылозма, ахьаа шимазгьы ҳаԥхьа дгылан. Исгәалашәоит Ешыра ақырҭуа ҳаирплан анҭаха, иара аԥырҩы итапанча трафеик аҳасабала инапахьы ианааига, "даҽа бџьарк ҳамоуп" ҳәа ҳашгәырӷьаз. Усҟан ижәдыруеит патронк кьылак ахьы ишаҩсуаз", - еиҭалҳәоит афырԥҳәызба Татиана Кочи.
Агәыԥ "Сатурн-Ураган" аибашьра цонаҿы ажәыларатә операциақәа зегьы ирылахәын. Аиааира амш иаԥылеит Гал.
"Џьумбер аибашьра алацәажәара бзиа ибаӡомызт, иҩызцәеи иареи ианааидтәалоз ирывыршьааз рыӡбахә анырҳәоз заҵәык акәын изҿыз, иахьыҟаз, ирхыргаз анеилыскаауаз. Мышкызны ахәыҷы еиҭеиҳәаша акы идыруазар ауми анысҳәозгьы ҽакахьы иигон", - лҳәоит Џьунџьик иԥшәмаԥҳәыс Џьильда Ажьиԥҳа.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа иҭаацәеи иареи
Џьумбер Бениа иҭаацәеи иареи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа иҭаацәеи иареи
Џьумбер Бениа аибашьра адәаҟны иааирԥшыз ахаҵареи агәаӷьреи рзы ианашьан Леон иорден, иашьа Дима - "Агәымшәаразы" амедал.
Аиааира амш, цәыббра 30 аҽны Џьумбер дахьынхоз Гагра ақалақь Абазгаа амҩа, 59/1 аҩнеихагыла аҭӡаҟны официалла иаартын абраҟа аибашьра аветеран дшынхоз атәы зҳәо агәалашәаратә ӷәы. Аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит Џьумбер ицеибашьуаз иҩызцәа, иҭынхацәа, Бениаа рыиашьара, Гагра араион Ахадара.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз
Џьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз
"Џьунџьик ихы-иԥсы деигӡомызт иԥсадгьыли иуаажәлари рзы. Аибашьраҿы иоуз ахәра аҭыԥаҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан ачымазара бааԥсы арҳаит. Аиашазы, сара исцәыуадаҩуп сҩыза гәакьа иацтәи амш ала ихцәажәара, аха аԥсҭазаара узаиааиуам. Абраҟа иаарту агәалашәаратә ӷәы иҳанаҳәоит наунагӡа аибашьҩы ижәлар ргәы дышҭазаауа. Абыда изызҳауа иԥа хәыҷгьы дахәаԥшыцԥхьаӡа ҩнуҵҟала дарԥхалап", - инаҵишьит аҩыза Анзор Чычба.
Агәалашәаратә ӷәы аартра ацеремониа иалахәыз Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц иқәгылараҟны Аԥсны Аиааира азаазгаз аибашьцәа рҿаԥхьа дышхырхәо, рфырхаҵара наунагӡа аҭоурых ишазынхо иҳәеит.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз
Џьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа игәалашәаратә ӷәы анаадыртуаз
Џьумбер Бениа иаб Тариели иан Ҭина Оҭырԥҳаи рыԥсы ҭоуп, аха аԥсҭазаара агьама рцәыӡхьеит. Дара инагӡаны рыҷкәынцәа рыбзиара рымбаӡеит, Џьумбер ҵыԥх иԥсҭазаара далҵит, шықәсқәак раԥхьа идунеи иԥсахит Дима.
Џьумбер аԥа даниоу, иашьа ихьӡ ихьӡиҵеит. Иахьа изызҳауа Бениаа ргәараҭа ҵәаншьапс иаҵагылоу Дима хәыҷы иахьа аашықәса ихыҵуеит. Иара иоуп абыргцәа зхьыԥшу.
© Foto / из архива семьи БенияЏьумбер Бениа иҭаацәеи иареи
Џьумбер Бениа иҭаацәеи иареи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа иҭаацәеи иареи
Џьунџьик Бениа иԥсы ҭазҭгьы, сынтәа жьҭаара 4 рзы 54 шықәса ихыҵуазаарын.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Ажәабжьқәа зегьы
0