"Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара иалҵшәахеит": арҵаҩы Мирена Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаМирена Гумба
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа жьҭаара 5 - Жәларбжьаратәи Арҵаҩы имш азгәарҭоит. Ари аныҳәа аҳаҭыр азы Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа длыҿцәажәеит 24 шықәса раахыс Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵара аҟәша аиҳабыс иҟоу Мирена Дикран-иԥҳа Гәымԥҳа.
Дарбанызаалак ауаҩы изанааҭ аҟны ишьақәгылара шьаҭас иамоуп аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара, аидгылара, аилибакаара. Абарҭ ацәаҩақәа ирыбзоураны 32 шықәса раахыс аматематика арҵаҩыс аус зуа, 24 шықәса раахыс Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵара аҟәша аиҳабыс иҟоу Мирена Дикран-иԥҳа Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа алагеит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Мирена Дикран-иԥҳа Гәымԥҳа дыруаӡәкын ишыхәыҷунатә занааҭс иалырхуа здыруаз. Дәрыԥшьтәи (Тәанихәа) абжьаратә школ аҿы аҵара лҵонаҵы лара бзиа илбахьан арҵаҩра, уи адагьы уаҳа занааҭк лхаҿы иаалгомызт.
"Ашкол санҭаз, арҵаҩцәа ажурналқәа рҩыҵаркны акласс уадақәа ианрыҩналоз, даара среилаҳаны срыхәаԥшуан. Рцәажәашьа, ртәашьа, ргылашьа, аҵаҩы изнеишьа уҳәа схызхуаз рацәан. Ҳаныхәмаруазгьы, сара еснагь арҵаҩы ироль назыгӡон. Ажәакала, сыԥсҭазаара арҵаҩра ишазыскуаз аиҵбаратәи акласс аҿы еилыскааит", - азанааҭ шалылхыз лгәалашәоит Мирена Гәымԥҳа.
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаМирена Гәымԥҳа
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Мирена Гәымԥҳа
Ашкол аҿы Мирена амаҭәарқәа зегьы лықәҿион, аха аматематика арҵаҩы Руслан Иасон-иԥа Бениа иурокқәа раан лара еиҳа аҟыбаҩ ҷыда лылоуп ҳәа даликаахьан. Уеизгьы арҵаҩра алызххьаз аԥҳәызба илабжьеигеит иара имаҭәар ала азанааҭ дазхьаԥшырц. Наҟ-наҟ ус иагьыҟалҵоит. Руслан Бениа иҟны ихарҭәааны аҽазыҟаҵара далагоит. Ашкол ашьҭахь, қәҿиарала аԥышәарақәа ҭины, Мирена дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика-математикатә факультет.
"Ауниверситет аҿы аҵыхәтәантәи акурсқәа рахь саннеи, атәылаҟны аполитикатә гәҭынчымрақәа ҟалеит. Напкәыршала ҳаишьцәоуп ҳәа еибабоз ақырҭуа ҿари ҳареи ҽнак ала ҳаиӷацәахеит. Амлашьратә акциақәа рымҩаԥгара иалагеит. Ҳара ҳқәыԥшын азы абриаҟара агызмалра шрылаз ҩнуҵҟала ишеиҵабааз ҳзеилымкааӡеит. Анаҩс аибашьрагьы ҵҟа-ҵҟала аҽазыҟаҵара ишаҿызгьы ааԥшит", - лыстуденттә шықәсқәа дрылацәажәоит арҵаҩы.
Фатима Лыхәԥҳа аурок аҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых
Мирена Дикран-иԥҳа аҵыхәтәантәи акурсқәа рахь даннеи, дзылгаз ашкол аматематика арҵаҩцәа азхаӡомызт азы аусура ааԥхьара лырҭоит. Уинахыс ауниверситет аҿы аҵараҵареи аурокқәа рымҩаԥгареи еилалгӡо далагоит.
"Ҩышықәса Тәанихәатәи ашкол аҟны аус зуонаҵы, сыԥхашьаны арҵаҩцәа руадахь снеиӡомызт, ахәыҷқәа срылатәан. Усҟантәи аамҭақәа раан арҵаҩы убриаҟара ҳаҭыр иқәын, иаԥхьа ҳаиасӡомызт, ила ҳахԥшыломызт. Сырҵаҩцәа сколлегацәа ракәхеит ҳәа схы исзаҭәашьомызт раԥхьа атәара", - лажәа иацылҵоит Мирена Дикран-иԥҳа.
Ҩышықәса рышьҭахь арҵаҩ қәыԥш Калдахәара ақыҭан аҭаацәара далалоит. Араҟа аамҭак аҭыԥантәи абжьаратә школ аҿы аус луеит, анаҩс иалагоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.
Мирена 1994 шықәсазоуп ашколтә ԥсҭазаара даназыхынҳә. Иара уигьы ланхәа Роза Цымцԥҳаи лабхәа Шараҭ Ахбеи ирыбзоураны.
Инга Шармаҭп,ҳа арҵаҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2020
"Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом": арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых
"Аибашьра ашьҭахь шықәсык ааҵуаны, Бзыԥҭа аҳабла ахадас иҟаз Лиуфа Ԥсардиеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 1941-1945 шш. аветеран Џыр Чыкәбари, зыҷкәын ҳаибашьраҿы дызцәыӡыз Витали Гыруаԥшьи, уи аамҭазы Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 иахагылаз Валери Хагәышьи еиманы аҩны иааит, "ҳбыҳәоит, аусура бҭыҵ" ҳәа. Ари заҳаз санхәеи сабхәеи "ахәыҷқәа ҳара иаҳбоит, быжәлар брыхәа" ҳәа сымҩа аадыртит. Дара ҽназаҵәыкгьы сахьдмырхәит ахәыҷқәа ныжьны аусура сахьцаз. Рмаҭацәа акы рыгмыжькәа ирбон, саргьы сааԥсаха сшааиуаз рдыруан азы сыфатәгьы дырмазеиуан. Ажәакала, ҳҳәоуеиқәшәара иалҵшәахеит анаҩстәи сырҿиаратә мҩа", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.
Уинахыс Мирена Гәымԥҳа, есышьыжь Калдахәареи Бзыԥҭеи еимаздо ацҳа шьапыла дықәсны, ашоуреи ахьҭеи чҳауа лыҩны иааиз абыргцәеи лҭаацәеи рҳәатәы дахаҵгыланы аусура дҭыҵит.
"Аибашьра ашьҭахьгьы аамҭа хьанҭан. Аколлектив уалафахәыда ҩышықәса рҟынӡа аус ҳуит. Аӡәызаҵәыкгьы "аԥара ҳарҭо ианбалаго" ҳәа иҿыҵымшәеит. Аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыԥсадгьыл ахьчара уалны ирыдын, ҳаргьы еиҵагыло абиԥара аҵараҵара уалс иҳадуп ҳәа иаҳԥхьаӡон", - илгәалашәоит лара.
Ашықәсқәа наскьацыԥхьаӡа аԥсҭазаара маҷ-маҷ ишьақәгыло иалагеит. Мирена лхәыҷқәагьы ашкол иҭалеит. Лыԥшәма Лаврик Ахба Бзыԥҭа автотранспорттә еилакы аҟны аусура дҭыҵит. Аҭаацәа амашьына аархәеит, ус ани ахшареи ирзыманшәалахеит ашкол ахь ацара.
Анжела Барганџьиап,ҳа аҵаҩцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Сыгәҭакы хадақәа иреиуоуп: Анжела Барганџьиаԥҳа Бзыԥҭа амузеи аартра иазкны
Иахьа, Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аҵара рҵоит 476-ҩык аҵаҩцәа, урҭ ирзааԥсоит 51-ҩык арҵаҩцәа. Ашкол адиректорс дамоуп Римма Иури-иԥҳа Агрԥҳа.
Мирена Дикран-иԥҳа иазгәалҭеит ашкол ахь иааиуа ишалагаз арҵаҩцәа ҿарацәа, уи дара акырӡа ргәы шьҭнахуеит.
"Аколлектив аҿы ҳаигәырӷьеит наҟ-наҟ ҳазԥсахша арҵаҩцәа ҿарацәа ааиуа иахьалагаз. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыла иалыркаахьоу ҳарҵаҩцәа хатәрақәа дара рзы иҿырԥшыгоуп. Рыӡбахә сымҳәарц залшом акыр шықәса аџьабаа збахьоу Валери Хагәышь, Маиа Чыкәбарԥҳа, Емма Кәакәасқьырԥҳа, Светлана Папԥҳа, Роза Гәынԥҳа, Инга Гыцԥҳа, Заира Бениаԥҳа, Ельза Амԥарԥҳа уҳәа. Ашкол аҿы уажәтәи ала амаҭәарқәа зегьы мҩаԥызго ҳамоуп. Иҟоуп ашьапылампыли, анапылампыли, амҵышәымпыли рзы асекциақәа, амилаҭ кәашара акружок. Амала ҳаспортзал акапиталтә ремонт аҭахуп азы уаҟа аҽазыҟаҵарақәа ҳзымҩаԥгаӡом. Иаартуп азыҟаҵаратә класс. Уи иалҵшәаны ахәыҷқәа рацәаҩны иаҳзааиуеит. Актәи акласс инаркны абыжьбатәи аҟынӡа хԥа-хԥа класс "а", "б", "в" ҳәа еихшоуп, зынӡа 27 класс аҳарԥхьоит", - еиҭалҳәоит ашкол аҵара аҟәша аиҳабы Мирена Гәымԥҳа.
Бзыԥаа рнаҩс арахь иныҟәоит Калдахәара, Блабырхәа, Бармышь ақыҭақәа рҟынтә ахәыҷқәагьы. Урҭ раара маншәалахарц азы Гәдоуҭа араион ахадара ҷыдала автобус бжьарҵеит. Ашколтә маҭәа уалацәажәозар, 2000 шықәса раахыс иалагалоуп Асовет аамҭазы иҟаз аформа. Ахәыҷқәа рыстатус еиҟаранатәуеит азы ари аҩыза аԥшьгара адгылара аҭан арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәеи рҟынтә.
"Зфинанстә ҭагылазаашьа кәадаз аҭаацәа, амаҭәа ҿыц аахәара акәым, ари ашколтә формагьы рзыӡахуамызт. Егьараан ҳдиректор Римма Агрԥҳа лхатә ԥарала ирызҿалҵахьан. Иахьа ашколтә амаҭәакнаҳарҭаҟны зформақәа зцәыхәыҷхаз аҵаҩцәа ирымхны ҳдиректор иӡәӡәа ирыцқьа иҵәахны илымоуп, амаҭәазы еиҵахо днаганы инаало илҭоит", - инаҵылшьит арҵаҩы.
Геннади Дбар иҵаҩцәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2020
Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны классцыԥхьаӡа рыхьӡ ахуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Бзыԥаа рҵеицәа 78-ҩык. Иҟоуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аижәлантәқәа ирзеиԥшу акласс уадақәа. Мирена Гәымԥҳа лыкласс акәзар, ихьӡ ахуп абиԥазаҵә Ахра Артур-иԥа Канџьариа.  
"Ахра Канџьариа иҭаацәа ида дрымамызт. Иара иҭахарала рыҵәҩаншьап ыӡит. Арԥыс игәалашәара аныҟәгара уалԥшьас иҟаҵаны акласс аҿы иӡыргоуп ифотосахьақәа, ирмаҭәа, ашкол данҭаз иҩуаз иажәеинраалақәа. Иан Лиудмила Ҷыҭанааԥҳа лассы-лассы даҳзаалоит, ҳурокқәа лхы лылалырхәуеит. Ахра даниизи данҭахази амшқәа раан ахәыҷқәа ҳаманы ҳлызцалоит. Иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа ықәаҳҵоит, акәша-мыкәша аҵлақәа еиҭаҳҳауеит", - лажәа иацылҵоит арҵаҩы.
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Араҟа Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа иаԥҵан ҳаибашьцәа рыштаб. Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәагьы раԥхьаӡакәны хыҵакырҭас ирзыҟалеит. Усҟан ашкол аус ауӡом ҳәа арҵаҩцәа гәыԥҩык ҽнак аҩны иаанымгылеит, ирылшоз ала аруаа рымаҵ руон, рыфатә рыжәтә дырмазеиуан, ауадақәа еилдыргон.
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аколлектив ҭаацәак еиԥш еизыҟоуп. Дара раӡәкрагьы адиректор Римма Агрԥҳа лоуп изыбзоуроу. Лара илылшо зегь ҟалҵоит аҵаҩцәеи арҵаҩратә еилазаареи рышколтә ԥсҭазаара уадаҩрада имҩасларц азы.
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаБзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 адиректор Римма Агрԥҳаи, Мирена Гәымԥҳаи, Анжела Барганџьиаԥҳаи, Дина Қьецԥҳаи
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 адиректор Римма Агрԥҳаи, Мирена Гәымԥҳаи, Анжела Барганџьиаԥҳаи, Дина Қьецԥҳаи
"Римма Иури-иԥҳа Аԥсни уи анҭыҵи аҩызцәеи адырцәеи рацәаҩӡаны илымоуп. Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Ольга Олеиниковеи лареи реимадара иабзоураны есышықәса аӡынра Москваҟа "Кремльтәи аԥсаӡ хадахьы" ахәыҷқәа ҳаманы ҳцоит. Ааигәа аколлектив аҟны акоронавирус зхызгаз арҵаҩцәа Ауадҳара иаҳзеиҿылкааит аԥсшьарамшқәа", - гәык ала дыззыҟоу ашкол адиректор лыӡбахә лҳәоит Мирена Дикран-иԥҳа.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа, арҵаҩцәа ҭакԥхықәрала рҵареи рааӡареи иазнеиуеит. Уи дыршаҳаҭуеит ахәыҷқәа есышықәса ашколтәи, араионтәи, ареспубликатәи олимпиадақәеи еиуеиԥшым аицлабрақәеи рҿы иаадырԥшуа алҵшәақәа. 
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаМирена Гәымԥҳа лҵаҩцәеи лареи
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Мирена Гәымԥҳа лҵаҩцәеи лареи
Жьҭаара хәба, арҵаҩы изанааҭ амш азы Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵара аҟәша аиҳабы Мирена Гәымԥҳа арҵаҩцәа зегьы дрыдныҳәало ирзеиӷьалшьеит агәабзиареи, аманшәалареи, рааԥсара ҳаҭыр ақәҵашьа иақәшәо аҵаҩцәеи.
"Ҳара ҳзы ихадароу, иахьа ашкол иалҳарго уаҵәы ргәы аартны иҭабуп ҳәа ҳазҳәо аҵаҩцәа рааӡара ауп. Сара Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны аус зуеижьҭеи шәҩыла аушьҭымҭацәа аԥсҭазаара ду амҩа ианылахьеит.  Иахьа санырбогьы, сара игәасымҭаргьы, схьарԥшны аԥсшәа сарҳәоит. Уи ҩаԥхьа агәра снаргоит ари азанааҭ баша ишалсымхыз", - лҳәоит лара.
© Foto / Предоставлено Саидой ЖибаМирена Гәымԥҳа
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Мирена Гәымԥҳа
Мирена Дикран-иԥҳа Гәымԥҳа Аԥсны аҵара аминистрра 2011 шықәсазы имаԥнагоз "апедагогигатә ҟазара" аконкурс далауреатуп. Иланашьоуп хыԥхьаӡара рацәала адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Мирена Гәымԥҳа дрануп хҩык аԥацәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0