Араҟа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи, 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәеи ирылаӡыз бзыԥаа рфотосахьақәеи, рысалам шәҟәқәеи, рышәҵатәи уҳәа иахьа уажәраанӡа рыуацәа-рдырцәа рҟнытә еиқәханы иҟоу рҟәырҷахақәа цәыргахоит, ҩ-уадак - ажәытә бзазареи ашколтә ԥсҭазаареи ирызкхоит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Анжела Заканбеи-иԥҳа Барганџьиаԥҳа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус луоит 1973 шықәса раахыс. Раԥхьанатә лара алагарҭатә класс арҵаҩыс дыҟан, 2003 шықәса инаркны ашкол ааӡаратә ҟәша дахагылеит. Ари ус инаваргыланы 21 шықәса инарзынаԥшуа Бзыԥҭа аҳабла ахадара акультура даусзуҩуп. Ари аамҭа иалагӡаны лара лнапхгарала аҳаблаҟны имҩаԥысхьеит 117 усмҩаԥгатә.
"Аҳаблаҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи ирыдҳәалоу агәалашәаратә рыцхәқәа раан абаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭ шьҭаҵареи, амитингқәеи, "Ԥсра зқәым" аполки мҩаԥаагоит. Агәырӷьаратә хҭысқәа ирызкызар - аконцертқәеи аспорттә усмҩаԥгатәқәеи", - лҳәоит Анжела Заканбеи-иԥҳа.
Аҵарадырра амш цәыббра 1 инаркны, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы лаҵара 25-нӡа Анжела Барганџьиаԥҳа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны лнапы иҵылхуа аусмҩаԥгатәқәа даара ирацәоуп. Лафны ишылҳәо еиԥш, урҭ режиссиорси сценаристси лара лоуп ирымоу.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, Аиааира амш цәыббра 30, Гагра араион ахақәиҭтәра амш жьҭаара 6, Арҵаҩы имш, Аԥсуа бызшәа амчыбжь, Атеатр амш, ҽаҩраҭагалара иазку Џаџа лныҳәа, Лаҭатәи атрагедиа, Ашықәс ҿыц, Ажьырныҳәатәи ажәылара, Ажьырныҳәа (Хьачхәама), Қьырса ныҳәа, Асовет арбџьарамчқәа рымш жәабран 23, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш хәажәкыра 8, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи, аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи ианиизи рыԥсҭазаара ианалҵызи амшқәа, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгылаз амш хәажәкыра 4, Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара, Амшаԥныҳәа, Лаҵара 9 Асовет жәлар риааира амш, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы - абарҭ аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа роуп еиҳараӡак амзар инақәыршәаны аҵара шықәс иалагӡаны ашкол аҿы иазгәарҭо. Иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иҭахаз Бзыԥаа рҵеицәа ргәалашәара аҳаҭыр азы есааԥынра ашьапылампыли абокси рзы атурнирқәа мҩаԥыргоит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа риубилеитә шықәсқәа раҩрыжьуам.
"Аҵаратә процесс инаваргыланы, аконцерттә программақәа, атеатртә қәгыларақәа, агәалашәаратә хәылԥазқәа, иаарту аурокқәа, аспорттә еицлабрақәа уҳәа рыла иҭәуп ашколтә ԥсҭазаара. Аҟазара иазҿлымҳау, аусмҩаԥгатәқәа рҿы зхы бзианы иаазырԥшуа аҵаҩцәа изныкымкәа аԥсуа Аҿартә театр иқәнаргыло аспектакльқәа рахь иаҳгахьеит. Ҳазегьы ҳгәаҵанӡа инеит "Ацынҵәарахи", "Қьалашьбеи". Ҳара ҳзы игәахәара дууп асцена ду аҟны аҿартә театр актиорцәа хьӡырҳәагақәа иахьрывагылоу ҳара ҳаушьҭымҭацәа Есма Шугьенԥҳаи Инал Ажьибеи. Даргьы иахьа ихадоу арольқәа нарыгӡоит", - ҳәа лгәы шьҭызхуа ахҭыс дазааҭгылоит Анжела Барганџьиаԥҳа.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа араион анаҩсгьы ареспублика аҟазаратәи арҿиаратәи конкурсқәа рҿгьы алҵшәа бзиақәа аадырԥшхьеит.
Анжела Заканбеи-иԥҳа ахәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа ргәы иҭымҵо имҩасырц азы лассы-лассы аԥсабарахь, аҳҭнықалақьтә музеиқәеи, аҭоурыхтә ҭыԥқәеи рахь ныҟәара илгоит.
"Ахәыҷқәа Владислав Арӡынба иҳаҭгәыни имузеи рахь есышықәса иаҳгоит. Ҳарҭаауеит егьырҭ аҳәынҭқарратә музеиқәа, ашәҟәыҩҩцәа рбаҟақәа. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа рыла еиҵагыло абиԥара рҭоурыхи рыԥсадгьыли рахь агәыбылреи абзиабареи рылаҳааӡоит. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иҳавагылоу аҭаацәагьы. Дара рыхшара раԥхьаҟа ирыхәаша акы рбанда, акы раҳанда ҳәа иҟоуп. Убас хәыҷи-дуи ҳгәы иҭымҵуа акәны иаанхоит шықәсқәак раԥхьа Москва, Кремльтәи аԥсаӡ хадахьы ҳцара", - инаҵылшьит Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ааӡаратә ҟәша аиҳабы.
Апандемиа иахырҟьаны 2020-2021-тәи аҵара шықәс азы Анжела Барганџьиаԥҳа лгәы иҭаз аусмҩаԥгатәқәа жәпакы дырхьымӡеит. Зегь раасҭа лара лзы ихадараны иҟан ашкол ахыбраҟны амузеи аартра. Аха арҵаҩы лгәы калыжьуам, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа лгәахәтәы налыгӡоит.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ахыбраҟны арратә штаб ыҟан, уи еиҳабыс даман аинрал Сергеи Дбар. Абарҭ аҭыӡқәа рҿы Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз ҳашьцәа хыҵакырҭас ирыман. Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә плангьы абраҟоуп иахьиз. Ашкол арҵаҩцәеи Бзыԥаа рыҳәсацәа аӡәырҩи уахи-ҽни абраҟа аруаа рымаҵ руан, рхәы ҟарҵон, рымаҭәа аҭыԥ иқәырҵон. Убри аҟнытә иаԥсоуп, уимоу иахәҭоуп ҳәа аколлектив зегьы иаҳԥхьаӡоит ҳашкол аҟны амузеи аартра. Гагра араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь ибзоурала, ашкол аҩбатәи аихагылаҟны амузеи ҟалараны иахьыҟоу ԥшь-уадак рҿы акапиталтә ремонт мҩаԥгоуп. Иаанхаз аҩнымаҭәа аахәара ауп, анаҩс еизганы исымоу аекспонатқәа ҩнасыргылоит", - ҳәа азгәалҭоит лара.
Анжела Барганџьиаԥҳа лажәақәа рыла, амузеи иазалху ԥшь-уадак зызкхо убри ауп: актәи ауадаҿы - Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иҭахаз аҵеицәа рфотосахьақәеи, рысалам шәҟәқәеи, рымаҭәеи, рабџьари уҳәа рҭаацәара еиқәырханы ирымоу рҟәырҷахақәа зегьы цәыргахоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан 78-ҩык бзыԥаа рҵеицәа ҭахеит, урҭ рахьтә 35-ҩык ари ашкол аушьҭымҭацәа ракәын. Иахьа дара рыхьӡқәа рхуп акласс уадақәа зегьы. Афырхацәа ианиизи ианҭахази амшқәа раан рҳаҭгәынқәа рахь ахәыҷқәа неины ашәҭқәа шьҭарҵоит, ажәеинраалақәа ирыԥхьоит.
Аҩбатәи амузеитә уада рызкхоит 37-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи харада ахара зыдҵаны идырӡыз Бзыԥаа. Усҟан 130-ҩык ргәаҟны ишьын. Иара убас 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалаӡыз бзыԥаа. Анемец фашистцәа ирҿагылаз 350-ҩык анхацәа рахьтә 127-ҩык рыԥсадгьыл ахь изымхынҳәит.
Ахԥатәи ауадаҿы абзазаратә музеи аартхоит. Араҟа иӡыргахоит Анжела Барганџьиаԥҳа акыр шықәса еидылкылоз ажәытә аԥсуа инхара-инҵыра иадҳәалоу амаҭәарқәа, насгьы Бзыԥҭа аҳабла аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа Гыц Асԥеи Илиа Канџьариеи мышкызны амузеи ҟалозар ҳәа еизыргаз аекспонатқәа.
Аԥшьбатәи ауада - ашколтә ԥсҭазаара ажәытәи-аҿатәи еидызкыло музеихоит, араҟа иӡыргахоит афотосахьақәа рацәаӡаны.
"Мышьҭабзиала амузеи ҳзаартыр, ауадақәа рыԥшьбагьы рҿы аҵаҩцәа рыла ишьақәгылоу амҩаԥгаҩцәа ҟалоит, иҩныҩлоит ауадақәа ирышьашәало амузыка, иаҳҩычоит лашарбагала", - лгәазыҳәарақәа ҳацеиҩылшоит Анжела Барганџьиаԥҳа.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 ааӡаратә ҟәша аиҳабы Анжела Заканбеи-иԥҳа Барганџьиаԥҳа есышықәса ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥылго аусеиҿкаарақәа рзы Гагра араион аҵара аҟәша аҳаҭыртә шәҟәқәа рыла далыркаахьеит. 2009 шықәсазы Аԥсны арҵаҩратә ҟазаратә конкурс аҿы "арҵаҩы-аиҿкааҩ" аноминациа далауреатхеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа
-
Наҭела Смырԥҳа: ҩнуҵҟала ҳбылуан, аха ҳҵаҩцәа идҳарбомызт
-
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп