Цәыббра 30 азтәи аисраҟынтә авидеохылаԥшра акамерақәа рҟынтәи акадрқәа ӡыргоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВечерняя набережная Сухума
Вечерняя набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха и аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" Facebook аҿы иӡырыргеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы тәи авидеобара акамерақәа рҟынтәи акадрқәа.
Цәыббра 30 ауха и аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара. Аветеранцәа ишырҳәо ала аимак аан дара рыпҟеит.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха. Кокаиа амилициа аусзуҩцәа иабџьар рыҭара мап ацәикит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины закәаншьаҭада имаз автомат "Калашников" ала ахысра далагеит, анаҩс аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Апрокурор хаад иҳәеит ахәшьара аҟаҵаразы ишьақәыргылатәуп аҭыԥ змаз аԥҟара акәу аисра акәу иҟаз ҳәа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
"Ари ииашаны еилкаатәуп. Аминистр ихаҭыԥуаа руаӡәк иҳәеит иаргьы ишисыз, дышкаҳаз" ҳәа иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит амедекспертиза шымҩаԥгатәу.
Жьҭаара 3 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә визит аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Абри аамҭазы аминистр инапынҵақәа неигӡалоит Руслан Ажьиба.
Жьҭаара 4 азы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысыз аусутә еилацәажәара иалахәын Апрокурор хада Адгәыр Агрба, ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут. Иара убасгьы уахь инаԥхьан аимак алахәылацәа , адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи.
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аполитолог Беслан Ҳагба: ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аусутә еилацәажәараҟны.
Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп аҿҳәарақәа – 5, 15, 60 мшы.
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит хымшуп аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иалагеижьҭеи, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам ҳәа.
Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩныҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Ари аамҭа иалагӡамхар аҿҳәара иацҵатәхоит ҳәа иҳәоит Агрба.
Ажәабжьқәа зегьы
0