"Дԥызан": аибашьҩы Витали Ажьиба игәалашәаразы

© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьиба
Витали Ажьиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рзинқәа рыхәаҽра иашьҭаз ақырҭцәа есқьынагьы аҿагылара рырҭон ҳпатриотцәа, убарҭ дыруаӡәкын аибашьра аветеран, Аԥсны ахақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациақәа жәпакы ирылахәыз, аибашьра ашьҭахьгьы атәыла аҳәаақәа зыхьчоз, Леон иорден занашьоу Витали Ажьиба.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Витали Ажьиба диит Гагра ақалақь, 1956 шықәсазы. Усҟантәи аамҭазы араҟа инхоз аԥсуаа рхыԥхьаӡара уиаҟара ирацәамызт азы ахырхарҭақәа зегьы рҟны аԥыжәара рыман ақырҭуа милаҭ. Витали дыруаӡәкыуп урҭ имҩаԥыргоз аполитика хәашь зхәыҷаахыс зыла иабоз. 1972 шықәсазы Гагратәи абжьаратә школ №2 қәҿиарала далганы, Витали дҭалоит Харьковтәи ақыҭанхамҩатә институт аелектрофикациеи амеханизациеи рфакультет. Аҵара ашьҭахь аусура далагоит Гагратәи автотранспорттә еилазаараҟны еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәгауа.
© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьибеи Валери Барцыци
Витали Ажьибеи Валери Барцыци - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Ажьибеи Валери Барцыци
1992 шықәсазы, Аԥсны аӷа хәымга данақәла, Витали Ажьиба абџьар шьҭыхны иҩызцәа рыгәҭа дгылеит. Еибашьратә мҩа алагеит Гагра араион ахақәиҭтәрала.
"Витали Ажьибеи сареи ҳаибадырит Бзыԥҭа аштаб аҟны. Усҟан иара аԥыза иҟазшьаҷыдарақәа шилаз иаразнак игәасҭеит. Гагра араион ахақәиҭтәран Виталик Гагратәи аҷкәынцәа ракәын дызцыз. Ацәаҳәа аанкыланы итәаз агәыԥқәа иаргьы дрылан. Изныкымкәа ихала аӷацәа рганахь дцаны абџьар ааигахьан", - игәалашәоит аибашьҩы иҩыза Роман Рабаиа.
© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьиба, Алеқсандр Кьетиа, Роман Рабаиа
Витали Ажьиба, Алеқсандр Кьетиа, Роман Рабаиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Ажьиба, Алеқсандр Кьетиа, Роман Рабаиа
Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь Витали Ажьиба дызлаз агәыԥ ашьаҭала ишьақәгылеит анаҩс иара командаҟаҵаҩс дызмаз, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәахьы ишьҭыз Гагратәи абаталион.
© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз
Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз
Ԥхынгәымза 1993 шықәсазы, Витали Дмитри-иԥа акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дызмаз архәҭа 237925 алахәын Аҟәа ГЕС, Ахалшени, Гәыма, Каман, Шрома, Гәадра, аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәра. Усҟан иҭахази ахәра ӷәӷәақәа заузи рацәаҩхеит. Витали аӡәаӡәала иидыруази изымдыруази гәнигон. Иара изы аԥсра аасҭа еицәан аҭаацәа "шәыҷкәын дҭахеит" ҳәа адырра арыҭара.
Аибашьра ашьҭахь, 1996 шықәса инаркны акраамҭа Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс иҟаз Витали Дмитри-иԥа ианаҭаххоз ирратә уалԥшьақәа рынагӡаразы дгылон, иара уаҳа дацәхьамҵеит уи аус.
© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз
Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Ажьиба Нхыҵ Кавказ даныҟаз
"Аибашьра ашьҭахьгьы Витали ирратә уалԥшьақәа ирыциҵон. Гагратәи арезервтә ахысратә бригада командаҟаҵаҩс даман. 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхаа ҭаҳарцәаанӡа имҩаԥысуаз аоперациақәа зегьы дрылахәын. Лассы-лассы Аԥсни Урыстәылеи ирратә ԥышәа еизирҳауан, дырхысуан арратә курсқәеи аҽазыҟаҵарақәеи", - Витали иӡбахә иҳәоит Роман Рабаиа.
© Foto / из архива семьи Виталия Ажиба Витали Ажьиба иҭаацәеи иареи
Витали Ажьиба иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Ажьиба иҭаацәеи иареи
Витали Ажьиба иԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла иааирԥшыз ахаҵареи ирратә лшамҭақәеи рзы ианашьоуп Леон иорден, иара убас "Иԥшьоу аҳ Александр Невски" иорден II-тәи аҩаӡара. 2008 шықәсазы "Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы" амедал даԥсахеит. Аполковник ԥхьатәа ҳәа арратә хьӡы иман.
Александр Кьетиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2021
"Ҳаибашьҩы ду, ҳарҵаҩ ду": Александр Кьетиа игәалашәара иазкны
Рыцҳарас иҟалаз, есышықәса Гагра араион Ахақәиҭтәреи Аиааира амши иаԥыло аибашьра аветеранцәа рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит. Витали Ажьибагьы уажәшьҭа бжьышықәса ҵуеит иҩызцәа рыгәҭа дгыламижьҭеи.
"Сара сзы даара иуадаҩуп сашьцәа реиԥш исԥхьаӡоз сҩызцәа аӡәаӡәала исыԥхо иахьалагаз. Виталик ачымазара бааԥсы иахырҟьаны инагӡаны иԥеи иԥҳаи рыбзиара ибаанӡа идунеи иԥсахит. Ҵыԥх акоронавирус амшала дҳацәцеит Александр Кьетиа, сынтәа ари аҿкы бааԥсы даҳцәагеит Беслан Ӡкәуиа. Аиаша шәасҳәап рылымкаа адәы ақәлара схы ахызбаауа салагеит", - игәыхь далацәажәоит аибашьҩы.
Гагра араион ахақәиҭтәра, сынтәа, жьҭаара 6 рзы 29 шықәса ахыҵуеит. Иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу, ари ажәыларатә аоперациа иалахәыз аибашьцәа агәыӷра дуӡӡа рымоуп, ҳаԥхьаҟа 30 шықәса аназгәаҳҭо адунеи иалаҵәаз аҿкы ҳхашҭны, ҳамч ҳалша Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы игоу раԥхьатәи Аиааира мҽхакы ҭбаала азгәаҭара иазаҳкап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0