"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы

© Sputnik / Илона ХварцкияТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Анапаҵаҩра
29 шықәса ҵуеит апоет Таиф Аџьба Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра алагамҭазы жьҭаара 9, 1992 шықәсазы ақырҭуа аруаа иҩны ддәылганы дыргеижьҭеи, иахьа уажәраанӡа апоет илахьынҵа еилкаам.
Иналукааша аԥсуа поет Таиф Аџьба диит 1939 шықәса, хәажәкыра 11 рзы ахшара рацәа иахьрызҳауаз, ахьхьаџьаҳәа иҟаз Шьаадаҭ Аџьба иҭаацәараҿы. 
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаШьаадаҭ Аџьба иҭаацәара ду. Ҵаҟа игылоу Таиф хәыҷ иоуп.
Шьаадаҭ Аџьба иҭаацәара ду. Ҵаҟа игылоу Таиф хәыҷ иоуп (семья Таифа Аджба. внизу стоит с цветами самый маленький поет Таиф Аджба) - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Шьаадаҭ Аџьба иҭаацәара ду. Ҵаҟа игылоу Таиф хәыҷ иоуп.
1962 шықәсазы иара Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет дҭалеит, уи даналга ашьҭахь, агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь", ажурнал "Ашколи аԥсҭазаареи", ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" рредакциақәа рҟны аус иуан, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алитературатә абжьгаҩыс дыҟан. Апоет инапы иҵыҵит имаҷымкәан ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз ажәеинраалақәеи, апоемақәеи. Апоет уи адагьы инапы алакын аиҭагара аус. Иара аԥсшәахь еиҭеигеит адунеитә литература аклассикцәа: Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Генрих Геине, Александр Блок уҳәа рырҿиамҭақәа.
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАшкол ашықәсқәа раан. Армарахь ала игылоу Таиф Аџьба иоуп.
Ашкол ашықәсқәа раан. Армарахь ала игылоу Таиф Аџьба иоуп (Таиф Аджба в школьные годы) - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ашкол ашықәсқәа раан. Армарахь ала игылоу Таиф Аџьба иоуп.
Таиф Аџьба жәаба инареиҳаны аизгақәа дравторуп. Раԥхьатәи иеизга "Ажәеинраалақәа" ҭыҵит 1968 шықәсазы. 1989 шықәсазы, апоет 50 шықәса ихыҵра инақәыршәаны, акьыԥхь абеит иалкаау иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реизга "Аныҳәаԥхьыӡ". Ари аизгазы иара 1998 шықәсазы ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАрӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Џьума Аҳәба, Алықьса Џьениа
Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Џьума Аҳәба, Алықьса Џьениа. (Тафи Аджба , Джума Ахуба и Алексей Джениа) - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Арӷьарахьтә армарахь: Таиф Аџьба, Џьума Аҳәба, Алықьса Џьениа
Таиф Аџьба дыԥхьаӡоуп аԥсуа хәыҷтәы литератураҿы иналукааша ҟазаны, икалам иҵижьит ахәыҷтәы литература ахьтәы фонд иагәылалаз ажәеинраалақәеи алакә-поемақәеи. Ахәыҷқәа рзы иҩу арҿиамҭақәа иреиуоуп: "Сара сбызшәа", "Џьиҭ", "Сымӡырха", "Ааԥын ашәа", "Сабажәгәалеи", "Лакә иқыҭантәи алакә" уҳәа.
"Таиф Аџьба даԥсаны изуҳәар ауеит аԥсуа хәыҷтәы литература аклассик ҳәа. Иара икалам иҵыҵит хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷтәы жәеинраалақәеи алакә-поемақәеи, урҭ ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбацәеи даара ргәы иақәшәеит, иагьрылаҵәеит", - иҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Валентин Коӷониа.
© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТ. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны
Т. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны. Таиф Аджба с долгожителями - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Т. Аџьба абыргцәа рыгәҭаны
Таиф Аџьба иабиԥара иаҵанакуаз ашәҟәыҩҩцәа ирылшаз даараӡа ирацәоуп аԥсуа литература арҿиараҿы иҳәоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу.
"Ибаҩхатәра аганахьала илиршаз хәы змам акакәны иаанхеит. Таиф апоезиа мацара аҿы акәымкәан, инеизакны ҳдоуҳатә культура зегьы арҿиара далахәын, изырбеиуаз дыруаӡәкын. Иахьа иара иҟамзаара хымԥада аԥсуа литература ианыԥшит, избан акәзар иара абжьаратәи ақәра аҟны дшыҟаз ауп хабарда дышбжьаӡыз", - иҳәоит Аԥҳазоу.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2019
Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит
Аиашара, агәаартра, аԥсыцқьара, ақьиара – абарҭ ракәын ихадароу ҟазшьақәас Таиф Аџьба илаз ҳәа лҩуеит Sputnik аколумнист, ажурналист, апоет иԥшәмаԥҳәыс лаҳәшьа Елеонора Коӷониаԥҳа.
"Сара ибзианы исгәалашәалоит аҩны ҳанааилатәалак иҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа рыҟаҵашьа шыҟаиҵоз, аха иара убри аамҭазы, знымзар-зны аӡәы изы бааԥсык иҳәо смаҳацызт. Таиф бзиа ибон аепиграммақәеи, алаф цәаҳәақәеи раԥҵара, еиҳаркгьы асовет аамҭазтәи аполитикцәа ирзикуан, аусураҿы уи азы лахь аниоуазгьы ыҟан", - лҳәоит лара.
Таиф Аџьба еиҳарак ихы-иԥсы ззишьҭуаз ажәеинраалақәа шаны адунеи рықәҵара акәын, аиҭагара, апублицистика инапы шрылакызгьы. Убри акәын б́џьар хадас имазгьы, ҳәа рҳәоит иҩызцәа.

Иҿахҵәаз имшынҵа...

Апоет Таиф Аџьба Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз ииҩыз амшынҵа аҭоурых азы хәы змам документуп, иара кьыԥхьын аибашьра анеилга ашьҭахь, 1994 шықәсазы, хьӡысгьы иаиуит реиҳа лассы-лассы ианҵамҭақәа злахиркәшоз афраза "Бзиала иаҳзырша!..". 
Уи амшынҵаҿы Таиф ихаҭа аҭак ҟаиҵоит Аҟәа иаанхара иазкны: "Иахьа Аԥсны зҭагылоу адрама сахьаркырала аарԥшра мышкы-зны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых ҭоурыхуп, ицәгьа-ибзиа иааҟало зегь гәынкылатәуп, ианҵатәуп аҭоурых азы, анаҩстәи абиԥара рзы. Урҭ зегь рдыруазароуп. (Сентиабр 3, 1992 шықәса). Аҟәа сахьаанхаз ганкахьала ибзиоуп, сыблала избоит Аҟәеи уи иаланхо аԥсуааи ирыхҭырго. Ари зыблала изымбо, изхызымго еиҭаҳәашьа имам, убысҟак игәыҭшьаагоуп. Урҭ иагьа цәгьара ҟарҵазаргьы Анцәа ишьаӡа-гәаӡаны ирҿихып ҳәа агәыӷра сымоуп, урҭ иҟарҵо агәнаҳа рхьымӡар аушам. (сентиабр 23, 1992 шықәса) ".
Таиф Аџьба аибашьра цонаҵы ажәеинраалақәа иҩӡомызт. Сентиабр 3 1992 шықәса рзы имшынҵаҿы абас иҩуеит:
"Апоезиа зынӡа сацәҟьалеит – ииашаҵәҟьоуп ирҳәо: Когда пушки гремят – музы молчат".
Аибашьра алагамҭа нанҳәамзазы иара иҩит аҵыхәтәантәи ԥшь-жәеинраалак: "Агәҽанҵара", "Абыргцәа", "Аҵоура", "Рыӡбахә сымоуп шәҭы быбышқәак". Дара рыла ихыркәшеит апоет-алирик ипоезиатә рҿиамҭақәа рҭоурых. 
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра апоет илахьынҵа аӡбеит. Таиф Аџьба жьҭаара жәба аҽны апоет ақырҭуа гвардиауаа иҩны ддәылганы хабарда ддырӡит. Ишьақәырӷәӷәам аиформациа ала, уи акыр дыргәаҟны дҭархан. Апоет ибаҩ иахьа уажәраанӡагьы иԥшаам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет
Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0