Аӡҩыбжьаа Аԥсны ахада иаара иазыԥшырц аҳәара рырҭеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, ақыҭа абыргцәа рхеилак ахаҭарнаки Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит ҩ-сааҭк инареиҳаны, Аҟәа, жьҭаара 11 азы.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атәыла ахада Иусбарҭахь инашьҭыз аделегациа Аӡҩыбжьаҟа ихынҳәит. Дара ақыҭауаа ирзеиҭарҳәеит аицәажәара алҵшәақәа ртәы.
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьа ахада Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы иҟаз аицәажәара атәы еиҭеиҳәеит
Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иааз агәра диргеит Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс азы аӡыбра аветеранцәа ргәы иамыхәартә ишыҟамло.
"Атәыла ахада данаалак ашьҭахь Дбар иамхраз аӡбра идимкылар, арахь шәааԥхьаны ари аус ҳаицалацәажәоит", - ҳәа рарҳәеит аделегациа ахаҭарнакцәа.
Уажәазы Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москва дыҟоуп.
Еизаз рыбжаҩык ари иашоуп ҳәа ахырҳәааит, аха иҟоуп иаҿагылазгьы.
Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы еизаз ауааԥсыра Апрокурор хада иажәахә ашьҭахь Аԥсны ахада Иусбарҭахь иааит Аӡҩыбжьа ақыҭа аделегациа. Дара дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбари ихаҭыԥуааи рмаҵурақәа рамхраз.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар имаҵура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит
Жьҭаара 11 азы Жәлар реизара апарламент аҿы Апрокуратура хада цәыббра азы аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы, ҳәа иҳәеит Аԥсны апрокурор хада.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәсанӡа рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Адепутат Гарри Кокаиа иумҭа апрокуратура амчра ахаҭарнакцәа рцәаԥҽреи абжьахрақәеи роуп ҳәа ахнаҳәааит.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аветеранцәа алахәны цәыббра 30 азы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс ацәажәара ду ахылҿиааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0