Ҷолокәуа Аԥсуа драматә театр азы: аекспериментҟаҵарҭатә ҭыԥ шакәым еилыскаауеит
12:04 13.10.2021 (ирҿыцуп: 16:32 14.10.2021)
Ҷолокәуа Аԥсуа драматә театр азы: аексперимент ҟаҵарҭатә шҭыԥым еилыскаауеит
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр анапхгаҩ ҿыц Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит иаԥхьаҟатәи апланқәа ртәы, насгьы амаҵура ҿыц дшазнеиз атәы.
"Иахьа уажәраанӡа сара атеатр хәыԥшҩык иаҳасабала аинтерес сыман, ҳәарада, инагӡаны исзымдыруа, знапы зласымкыцыз усуп, аха иага ус акәзаргьы, иансарҳәа инаркны, инарҵауланы сазхәыцын, сгәы иҭаскит снапы аласкырц. Убри аан ибзиан еилыскаауеит, аԥсуа милаҭтә культура иаԥхьагылоу, атеатр ари аекспериментҟаҵарҭатә ҭыԥ шакәым, агәаанагара "уи уа иара иҭыԥам" сазгәааӡом, иаҳагьы исылсмыршаша сылнаршартә еиԥш амч сынаҭошәа сгәы иабоит. Уа иҟоуп аколлектив бзиа, аҟазара ду злоу, сара - сыцхырааҩуп. Рнапы злаку, бзиа ирбо аус анагӡараҿы сыцхырааҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Нодар Ҷанба абҵара 10 2020 шықәса рзы инапынҵақәа анаанижь инаркны Аԥсуа драматә театр напхгарада иҟан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы даҭоуп