Апоезиа ԥсҭазаарас измаз: Сарион Ҭаркьыл игәалашәара иазкны

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа, жьҭаара 15 рзы, иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы 85 шықәса ихыҵуазаарын апоет Сарион Ҭаркьыл, иара ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи дырзааҭгылеит аамҭак азы аус ицызуаз апоет Анатоли Лагәлаа.
Сара зыуаҩышьеи, зыхшҩи, збаҩхатәреи даара пату рықәысҵоз апоетцәа дреиуан Сарион Ҭаркьыл. Уии сареи ажурнал "Алашараҿы" хышықәса инарзынаԥшуа аус еицаауит, уброуп иахьызбаз сара уи апоет даара иҵаулаз, хара ихәыцуаз, аԥсуа литература мацара акәымкәа адунеитә литература бзиаӡан издыруаз, иаԥхьахьаз аӡә шиакәыз. Убри инаҷыдангьы, иара аҩыза изы иԥсы ҭихуан, иахьивагылатәыз дивагылон, дицхраауан, изымдыруаз иирбон, игыз иаҽԥниҳәаӡомызт, идырыртә алшара ииҭон.
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Сарион Таркил
Сарион аредакциа "Алашараҿ" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс аус иуан, сара апроза аҟәша аредакторс. Уи аредакциа аус бзиаӡан идыруан, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ажурнал ахь инеиуаз, дасу ажурнал аҿы иахьрықәнагоз дара рыҟәшақәа рҿы аредакторцәа анрыԥхьалак ашьҭахь иаргьы инапы иҵигон, "ишьалашьынуан" дыргак, нбанк нааны ицар иуӡомызт. Уи иус убриаҟара бзиа ибон, адәахьтәи, аҩнуҵҟатәи иусқәа зегьы ихашҭны, аредакциа аахәлаанӡа даныҩнымҵуазгьы ыҟан. Уи ииҳәаз ҳәан, иҟаиҵаз ҟаҵан, есымша ауаҩра аԥхьа иргылон. Иаҳгәалаҳаршәап иажәеинраала "Ауаҩи ауси".
Ажәа - ажәоуп, алаф - лафуп, иуҳәар - ицеит,
Ашәҭ еиԥш, знык ишәҭит, нас иканӡеит.
Аус ҟауҵар, ужәлар рмал иазурҳаит,
Ухьӡ казмыршәша аусгьы ҟауҵеит.
Аҩы бжьысыр, ибжьеихоит, аха ишәарҭаӡам,
Уи аҩнаҿы иадырхәоит џьара рхы.
Ауаҩы дыбжьысыр, дҳаиуанхоит, дхәарҭаӡам,
Ианҵәҟьагьы… дылҭахым.
Сарион Ҭаркьыл даара дизааигәан, ҟазшьалагьы иахьуаҩтатацәази, иахьинтеллигентцәази рзы цәгьала еиқәшәон Терент Ҷаниеи иареи.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Ҳаԥсҭазаара иасаркьоу: Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы
Апоет идунеи аниԥсах ашьҭахь, хәышықәса анҵы, 2010 шықәсазы итыҵыз иалкаау ишәҟәаҿы иҩуеит: "Аԥсреи абзареи ирхылаԥшуаз аӡәы Сарион Ҭаркьыл даҳцәигеит, избанзар уи дацәшәеит Аԥсны ауаа бзиақәа, абаҩхатәра змоу апоетцәа, агәаӷьра злоу апублицистцәа рацәаҩны иҟалар ҳәа. Аиашазы, Сарион Ҭаркьыл дыбзианы дықәлеит ари адунеи. Раԥхьа иргылан уи даԥсыуацқьан ҟазшьалагьы, уаҩышьалагьы, гәаҭалагьы. Иҿаԥшылара маҷк иџьбароушәа иҟан, аха иразын. Уи инахаран ахәыцшьа дақәшәон, инахаран иҟаз ибон, аԥсҭазаара закәыз идыруан, уи иацу ауадаҩрақәа зыхҟьоз еиликаауан. Ажәеинраалаҿ акәыз, ус џьара еиԥыларак аҿы акәыз, уи бзиа ибаӡомызт зеиԥш ажәала ацәажәара. Аҳәыҳә аблақәеи амҵәыжәҩақәеи уи аԥсаатә ԥшӡа ишақәшәо еиԥш, иара иқәгылара ма иажәеинраала иалеиҵоз ажәагьы хымԥада иақәнагоз, зда ԥсыхәа амамыз акәын. Уи иҭахын аҵабырг адгылара амазарц, аиаша аиааира агарц, ажәҩан аҟнытә дылбааԥшны иҳәозшәа, уи иажәақәа наӡеит…"
Иҟалаша издырӡом аӡәгьы,
Иахьашҟа иузаагом уаҵәгьы.
Иахьагьы уаҵәашҟа иузгом,
Ҭӡык урҭ ирыбжьоуп, ибгом.
Уахыԥангьы узцом, иҳаракуп,
О, зегьы-зегь ҳәаақәак ҳарҭакуп.
Аха, сара еилазгоит азакәан,
Сҭыҵуеит сызҭарцалаз акәал.
Абиԥарақәа рышәиԥхьыӡ згым,
Еинсыршәарц еинышәара зқәым:
Аӡыни ааԥынреи,
Аԥсреи абзареи.
Аамҭа ҟадыџьи,
Насыԥ кьаҿи сареи.
Сарион ишьҭахь иааиуаз абиԥара даара дрызҿлымҳан, уи редактор хадас ахәыҷқәа ржурнал "Амцабз" данамаз аума, "Аԥсны аҟазараҿ" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс даныҟаз аума, "Алашараҿ" аус аниуаз аума, есымша аҿар дыргәылакын, ицын, дреигәырӷьон, абаҩхатәра злаз иԥшаауан.
Исгәалашәоит, иара иоуп исазҳәаз сара "Амцабз" ианысҵахьаз ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи аповести еизакны иҟасҵарц, иара аԥхьажәа шациҵоз шәыҟәны аҭыжьра азы. Сара ус иагьыҟасҵеит, иаргьы мчыбжьык ала сышәҟәы даԥхьаны, аредакциа азуны, аԥхьажәагьы ациҵеит. Абра иаазгоит уи ахәҭак:
"Анатоли Лагәлаа шәҟәыҩҩык иаҳасабала аԥхьаҩцәа рышҟа дцәырҵыижьҭеи акрааҵуеит. Уи дцәырҵит ихатәы бжьы иханы, ихатәы ҟазшьақәа иманы, ихатәы дунеихәаԥшрала. Ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра бзиа шимоу аԥхьаҩцәагьы еицгәарҭеит, бзиагьы дырбеит.
Ашәҟәыҩҩы иажәа цқьоуп, исахьаркуп. Анатоли Лагәлаа ирҿиамҭақәа рҿы уаҩытәыҩсатә бызшәала ицәажәоит аԥсабарагьы, аԥсааҭәқәагьы, аԥстәқәагьы, урҭ ҟазшьалагьы ауаатәыҩсатә дунеи иазааигәоуп. Иумбарц залшаӡом урҭ зегьы: ауаагьы, аԥсабарагьы, аԥсаатәгьы, аԥстәгьы - даҽаџьара иҟам, еиҭаҳәашьа змам дунеик ишахшаз, ишааӡаз, еицырзеиԥшу иара убри адунеизаҵә ишатәу, ишахәҭаку зегьы неилых ҟамҵакәа. Аригьы аҟазара иаҟазшьа дырганы иҟоуп, аҟазара ҳаракы иахылҵшьҭроуп".
Сарион имоуп абзиабара иазку аԥсуа лирикатә жәеинраалақәа рацәаны. Аԥсуа зысҳәо, урҭ зегьы иныҟәыргоит иахырҟьам алаф, ацәанырра, агәыбылра, агьама ҳарак…
Схыхра уамак аҭахӡам:
Знык бысҿаччар - иазхоит.
Сынасыԥ ҵысгьы сахьӡап,
Уи еиҳау насыԥгьы сҭахым.
Схыхра уамак аҭахӡам,
Ажәа ԥхак бҳәар - иазхоит.
Нас иҵааргьы - ихьҭаӡам,
Мраҵас ба бажәа сарԥхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам:
Знык бысҭаар - исызхоит.
Еиҳау насыԥ сыхәҭаӡам,
Дунеик схала истәхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам…
Сарион ҳџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа акыраамҭа далахан дыҟан. Аӷацәа ҳажәлар ирзааргаз аҿаасҭарақәа зегьы рыӡбахә иаҳаит, ԥыҭкгьы иблала ибеит. Хәы рымаӡам уи усҟан ииҩыз амшынҵақәа, иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь апоет Терент Ҷаниа имԥыхьашәан ҳредакциа "Алашарахь" иааигеит, ҳара уи шықәсык аҩнуҵҟа акьыԥхьра ҳаҿын, цәаҳәак аанмыжькәагьы иаҳкьыԥхьит. Иџьаушьаша, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа зынӡа иссаны иҩын, алупа укымкәа узаԥхьаӡомызт, аибашьра аан ақьаад рымамзар акәхарын, мамзаргьы уи инапҩымҭа аӷа ибар, еилырганы даԥхьар иҭахымзаргьы акәхарын. Ажәак ала, ҳара ҳредакциа аусзуҩцәа ирылшеит уи аилыргара, аԥхьара, аԥхьаҩ иҟынӡа анагара. Иара хымԥада шәҟны иҭыжьтәуп, уи ишаанагара иҟоу шәҟәык ҟалоит…
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Сарион Таркил
Сарион Ҭаркьыл аибашьра иазкны ажәеинраалақәагьы маҷымкәа иҩит. Урҭ рҟны иубоит апоет шаҟа ижәлари идгьыли дрыхӡыӡаауаз, урҭ рлахьынҵа игәы ишыҵхоз, дшамырҭынчуаз.
Адгьыл ҵәыуеит, ажәҩан ҵәыуеит,
Ҳ- Аԥсны иахатәеит ашәшьы.
Ақәыџьмақәа ууеит, иууеит,
Иаҳфароуп, рҳәеит, шәжьы.
Анахь иҵҟьоит, арахь иҵҟьоит,
Алыцәҳа реиԥш иалалт Аԥсны.
Џьа ихысуеит, амцагь хәыҵҟьоит,
Абылра иаҿуп ҳаҩны.
Ҳаи, алахшақәа, шәара шәоума,
Ҳаршәаны ҳҭазцало атәра.
Шәабаҟаз, шәанҿыхаз уажәоума,
Аҳратәра ҭаԥсхьеит адамра!
Аԥсны ыҟан, иҟоуп,
Еснагь иҟазаауеит,
Аԥсуа идгьыл ииҭом аӡәгьы.
Ахьыӡ иашьҭалаз, ахьымӡӷ шәымазаауеит,
Иахьагьы, уаҵәгьы, есқьынгьы!..
Сарион Ҭаркьыл ҳаԥсуа литератураҿы инижьыз ирҿиамҭақәа хьаҳәа-ԥаҳәада агәра ҳдыргоит, иаԥхьаҩцәеи иареи рыбжьара ацҳа бзиа шху, уи иааиԥмырҟьаӡакәа ишықәу зыԥсадгьыли зыжәлари бзиа избо, уаҵәтәи амш иазхәыцуа, агәаӷь бзиа змоу ҳҿар, ҳаԥхьаҩцәа. Уажәы, ҳдоуҳатә культура иазҿлымҳау зегьы идҳардырыр ҳҭахуп, ашәҟәыҩҩы иԥсҭазааратә мҩа, ихи-иԥси зегьы зыхҭниҵаз ирҿиара, ишәҟәқәа, ианҭыҵыз, иахьҭыҵыз, иарбан шықәсақәоу.
Терентий Чаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Абырфынбӷьыц еиԥшыз ауаҩы: Терент Ҷаниа игәалашәаразы
Ҭаркьыл Сарион Хыгә-иԥа (15.10.1936, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Дәырҧшь ақыҭа – 26.05.2005, Аԥсны, Аҟәа) – аҧсуа поет. СССР-и (1973) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
1944 шықәсазы дҭалеит Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол, аха рацәак мырҵыкәа аҧсуа школқәа ақырҭуа бызшәа ашҟа ииаргеит. Иҩызцәа гәыԥҩыки иареи рҵара иацырҵеит Гәдоуҭатәи абжьаратәи аурыс школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1961), иара убас аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (латәарадатәи аҟәша) аҟны, иреиҳау аҵараиурҭа дагьалгеит 1972 шықәсазы.
1961 шықәса инаркны рҵаҩыс аус иуан Дәырԥшьтәи ашкол хәылԥазтәи аҟәша аҟны. 1967 шықәса нахыс усура дыиасуеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь корреспондентс, ашьҭахь – еиҭагаҩыс, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1979 шықәса инаркны ажурнал "Аԥсны аҟазара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1985 шықәсазы дыиасуеит ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1989 шықәсазы ажурнал "Амцабз" аредактор хадас дарҭоит. 2004 шықәса акәзар, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс далырхуеит.
С. Ҭаркьыл иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ажурнал "Алашара" аҟны 1955 ш. инаркны. Иҩымҭақәа рнылон иара убас ажурнал "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советкая Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009); аизга "Ахаҵарашәа". Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа – Сухум, 1995).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.
Аԥсуа бызшәахь еиҭеигеит А. Ахматова, В. Хлебникова, К. Бальмонт, Н. Клиуев уҳәа ражәеинраалақәа.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ақыҭантә саауеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ицеит апҟақәа хыланы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Аиԥылара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Иахьатәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Агәаартра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Ацәыкәбарқәа рашәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Азҳара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Ажәаҳәара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 2002; Ахҭыс шанақәа. Ахәыҷқәа рзы ашәҟәы. Аҟәа, 2004; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2010.
Ажәабжьқәа зегьы
0