Иԥшьоу аҵлақәа рымҵаныҳәара: аџь, аҭәаҵла ажәлантәқәа рныҳәараҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукСвятилище Елыр-ныха
Святилище Елыр-ныха - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсабара акульт аҿы иалкаау аҭыԥ рымоуп аҵлақәа иԥшьоу акы акәны рызнеира, рымҵаныҳәара. Аԥсуаа рҿы, шамахамзар, қыҭацыԥхьаӡа иҟан ус еиԥш иҟаз аҭыԥқәа, аҵлақәа иахьрымҵаныҳәоз.
Аԥсабара акульт аҿы иалкаау аҭыԥ рымоуп аҵлақәа иԥшьоу акы акәны рызнеира, рымҵаныҳәара. Аԥсуаа рҿы, шамахамзар, қыҭацыԥхьаӡа иҟан ус еиԥш иҟаз аҭыԥқәа, аҵлақәа иахьрымҵаныҳәоз. Аетнограф Григори Чурсин ишиҩуа ала, аҵлақәа рымҵаныҳәараз инеиуаз ауаа амҿтәы џьарқәа ҟаҵаны инаргон. Аныҳәарҭа аҭыԥ аҟны акәзар, аихатәы џьар ҟаҵаны игылан. Иҟан аихатә хыцқәа злаз аҵлақәагьы – уи аҵла анцәахәы, мамзаргьы абна анцәахәы ихьӡала иаанрыжьуаз "ҳамҭан".
Дәрыҧшь ақыҭанхаҩ 73 шықәса ирҭагылоу Мери Жьиҧҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Аамҭахә, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу": зҽаҩра ҭазгалаз имҩаԥырго ақьабз
Аҵла акульт аԥсуаа рҿы иалкааны ишыҟаз арҵабыргуеит хазы иазгәарҭоз "аҵла ныҳәа". Ари аныҳәара мҩаԥыргон ажьҭаара ианалагоз аамҭалазы, аҵла ианхалоз машәыр рықәымкәа илбаарц азы.
Иахьатәи ҳаамҭазы аҵла акульт еиқәханы иҟаны иубоит ажәлантәқәа рныҳәараҿы. Досу ажәлантәқәа дара жәытәнатәаахыс иршьо, изымҵаныҳәо аҵла рымоуп. Иаҳҳәап, Габниаа рыжәлантә аныҳәара мҩаԥыргоит аҭәаҵла амҵан. Ари аҭыԥ еснагь ицқьаны ирымоуп, акы иаҟьашьыр ҟалаӡом, иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп.
аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Убас, Аираа рыжәлантә зымҵаныҳәо, ашьтәа ахьыршьуа аҭыԥ, аџь-ҵла амҵан, Баҽа аҳаблаҿы иҟоу азы Таиса Ласариа-Аиба иаҳзеиҭалҳәеит абас еиԥш:
"Аираа рныҳәарҭа ҭыԥ ахьыҟоу, уа ахәаҿы, Баҽа ҳәа иахьашьҭоу ауп. Дә-ҟьаҟьаран иҟоуп, убраҟа аџь-ҵла акыршықәса зхыҵуа, амахәқәа еиужь игылоуп. Убри амҵан ауп ашьтәа иахьахныҳәогьы. Уахь аҭыԥ ааигәара аҳәса неиӡом, аныҳәара аныҟоу акәым, иара ус абжьааԥныгьы, иҵасым рҳәоит. Аха адәы уанықәсыр акәу ыҟами, усҟангьы ҳакәшаны, ҽа мҩак алоуп ҳашцо. Ааигәа ҳаиасуазаргьы "ԥсымиллаҳ" ҳҳәоит", – ҳәа еиҭалҳәоит лара, аԥсабара "ацқьара" аиламгара шаҭаху аарԥшуа.
Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2018
Аираа рныҳәара
Аҵлақәа иԥшьоу акы акәны ирыхәаԥшуеит адунеи ажәларқәа аӡәырҩы. Уи аауеит адунеи злашьақәгылоу ҳәа ирҳәо амифологиатә хәаԥшра аҟынтәи – Адунеитә ҵла ҳәа хьӡыс измоу, иагьаанарԥшуеит адунеи злашьақәгылоу ахәҭақәа: аҵла ақәцә – ажәҩан, амахәқәа – адгьыл, адац – адгьыл аҵа. Убри аҟынтәи машәырнгьы иҟам аҵла аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ аҵак ду ахьамоу, иԥшьоу акы акәны иахьахәаԥшуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0