Амилаҭ гәадура: Риҵатәи ареликттә парк иахыҵит 25 шықәса

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОзеро Рица
Озеро Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 17, 1996 шықәсазы аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны, еиҿкаан Риҵатәи амилаҭтә ареликттә парк. Аӡиа Риҵа шьақәгылеит 400 шықәса раԥхьа иҟалаз адгьылҵасра иабзоураны. Иара шьҭоуп амшын аҟынтәи 950 метра аҳаракыраҿ.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Зегь реиҳа ауаа рацәа зҭаауа, амилаҭтә гәадураны иҟоуп Риҵатәи ареликттә парк. Аӡиа Риҵа есышықәса иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала апсшьаҩцәа.
Амилаҭтә парк аҭалара аԥара шахыршәаауагьы, сынтәа ишьақәыргылан арекорд ҿыц, 600 нызқь-ҩык аҭааны ирбеит. Ас еипш иҟоу амилаҭтә парк аҩнуҵҟатәи анаиааирақәа ирыбзоураны аҳәынҭқарра имаҷымкәан ахашәала аиуоит.
Аԥсшьаҩцәа рыбжьара имаҷӡам ашәарҭара зцу аԥсшьара бзиа избо. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Иџьашьахәу аԥсабара: Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аԥхынразы
Риҵатәи амилаҭтә парк 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа иҳәырԥсарран. Апарк 390 километр ԥшьыркца амҽханакуеит, Урыстәылатәи Афедерациа Аахыц Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи Рассоциациа иалоуп.
Аҳәырԥсарра аԥстәқәа рылагьы ибеиоуп. Араҟа иҟоуп – амшә, абгахәыҷы, абынҳәа, ашьабсҭа, аҽацә, уҳәа, иҟоуп даҽаџьара иуԥымло аԥсаатәгьы. Аӡиасқәеи аӡиақәеи беиоуп акалмаҳала. Ашәаԥыџьаԥ акәзар иазҳауеит хкы рацәала, иҟоуп ашә, аџь,ахьаца уҳәа егьырҭгьы.
Зегь реиҳа азҿлымҳара амоуп ашыц ҵлақәа, Ашыц азҳара акыр шықәса иадхалоит, иара ашәҟәы ҟапшь иануп.
Риҵатәи амилаҭтә ареликтә парк ахь аӡиа Риҵа адагьы иаҵанакуеит аӡиа Иаҵәа, Гегатәи аӡхыҽҽа, Риҵа Маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара аԥшаҳәаҿы иҟоу аӡцәыцәы, аӡиасқәа Бзыҧ, Гега, Ҩыԥсара реиҩхаа ҭшәақәа.
Галера на Рице  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Аԥсуа еибашьыга шхәа аӡиа Риҵа ихырҵеит
Аӡиа Риҵа – Кавказ иҟоу аӡиа ԥшӡақәа ируакуп. Уи ақәыԥшылара амҽхак 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура – 2490 инаӡоит, аҭбаара – 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп. Уи 116 метра аҵаулара амоуп. Рица зегь реиҳа ианыԥшӡоу ҳәа иԥхьаӡоуп ҭагалан ашықәс аамтазы. Асыԥса еиԥш, абыӷьқәа аԥша иалахәмаруа ирблаҟьуа, ԥшшәы хкыла иԥыруа аҳауа иалоуп.
© Foto / Оксана ГриголияМалая Рица
Малая Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Малая Рица
Риҵатәи амҩа зынӡа уаршанхоит, уԥсыԥ алагаҩагара уханаршҭуеит, улаԥш узаҟәымго абахә ҳаракырақәа урымҽханакуеит. Аҳауа хьшәашәа урԥҳақәа ирҭысны, ахьшәашәара уааимнадоит. Иџьашьахәу, инашаноу дунеи ҿыцк уалахазшәа агәаанагара узцәырҵуеит. Ахаҳә дуқәа ажәҩан иаҵакьысуа иалагылоушәа убоит харантә уанԥшуа, урҭ ургәылак аҵыхәтәанынӡа ҩызара узыруеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукКаньон.
Каньон. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Каньон.
2018 шықәсазы Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны иаартын ахырхарҭа ҿыц, аҭоурыхтә дольменқәа рахь уназго.
Ажәабжьқәа зегьы
0