Аҭоурых иалиааз: Валери Хагәышь иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Валери Хагәышь
Валери Хагәышь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Анапаҵаҩра
Иҟамзар ҟалап ԥсыуа ҭаацәарак, Аԥсны аамҭа-аамҭала изҭагылоз аҭоурыхтә ӡыблара зкьымсыз, агәыхь ззаанамгаз.
Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо сфырхаҵа Валери Шаликәа-иԥа Хагәышь Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду далиааит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Ауаҩ нага, Бзыԥҭа аҳабла унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо арҵаҩ ду изкуп.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Валери Хагәышь диит Бзыԥҭа аҳаблан 1942 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы, анхацәа Шаликәа Хагәышьи Лиуба Лазԥҳаи рҭаацәараҿы. Валери ԥшь-ҩык аишьцәа дреиҳабын.
"Сара шықәсык схыҵуан саб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь ианиԥхьаз. Аҩада-мраҭашәаратәи афронт аҟны амашьына ныҟәцаҩс дыҟан. Абџьари, аџьаԥҳани, ахәшәқәеи уҳәа аибашьра адәаҟны зыда ихәарҭамыз амаҭәахәқәа мҩаԥигон. Иара 1946 шықәсазоуп аҩныҟа дхымхәаны даныхынҳәыз. Уи амш иахьагьы кадрк аҳасабала сыла ихгылоуп. Саб ӷәӷәала дхәын, ихала дзаауамызт азы амедицина аусзуҩцәа ицын. Исгәалашәоит ахалаҭ шкәакәа зшәыз ауаа ашҭа дынҭаргалоз", - еиҭеиҳәоит аԥа.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ашьҭахь, Шаликәеи Лиубеи даҽа хҩык аԥацәа рхылҵит Леониди, Павели, Ремзики. Аха аб урҭ рааӡара дахьымӡеит. 1953 шықәсазы ихәра иахылҿиааз ачымазара иахырҟьаны аибашьра аветеран идунеи иԥсахуеит. Уи аамҭазы иԥеиҵбы шықәсык акәын ихыҵуаз.
© Foto / предоставила Саида Жиба Валери Хагәышь иколлектив рыгәҭа
Валери Хагәышь иколлектив рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Валери Хагәышь иколлектив рыгәҭа
"Хымԥада ҳан ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡареи ршьапы рықәыргылареи лцәыуадаҩын. Арахь аколнхарақәа анҿиоз аамҭан. Сеиҵбацәа ҩыџьа сара сырхылаԥшуан, зынӡа ихәыҷыз ҳан амхахьы дылгон, аҵла аиаракнаҳа ацҟаҵаны лысаби дынҭалырион, дҵәыуацыԥхьаӡа инавсаавсуаз нагәҭасуан. Насгьы ҳара шҭак аҟны абшьҭра иатәыз хә-ҭаацәарак ҳаицҭынхон азы ҳаицхыраауан", - ҳәа ихәыҷра далацәажәоит Валери Хагәышь.
Валери Шаликәа-иԥа Бзыԥҭа абжьаратә школ даналга, 1961 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт абиологиа-агеографиатә факультет. Ахԥатәи акурс аҿы дыштәаз аррамаҵурахьы иԥхьоит, зны Калининградтәи аобласт ақалақь Пионерск архәҭахь, анаҩс иуалԥшьақәа ирыциҵоит Ҟрым, Саки аҳаиртә полк аҟны. Аррамаҵура ашьҭахь Валери Хагәышь Аҟәа иҵара иациҵоит, арҵаҩы изанааҭ иманы аинститут даналгалак, аусура далагоит ишкол гәакьа аҟны.
"Сара раԥхьа ақырҭуа школ сҭалар акәхеит, анаҩс аурыс школ ахь сиасит, ашьҭахь анцәа имчала салгеит аԥсуа. Аинститут аҿы аҵара хырқәшаны Бзыԥҭаҟа санаа, сышкол ақыҭа аҿар уахынлатәи рышкол ҳәа иҟарҵахьан. Убраҟа 20 шықәса директорс аус зуит, уи инаваргыланы Гагратәи аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи рбиуро аҿы екскурсоводс сыҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа", - ҳәа азгәаиҭоит иара.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Саида ЖьиԥҳаВалери Хагәышьи ап,ырҩы-космонавт А. Кизими уи ип,шәмап,ҳәыси Афонтәи аҳап,ы аҿап,хьа. 1983 ш.
Валери Хагәышьи ап,ырҩы-космонавт А. Кизими уи ип,шәмап,ҳәыси Афонтәи аҳап,ы аҿап,хьа. 1983 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Валери Хагәышьи ап,ырҩы-космонавт А. Кизими уи ип,шәмап,ҳәыси Афонтәи аҳап,ы аҿап,хьа. 1983 ш.
Валери Хагәышь Гагратәи аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи рбиуро аҿы екскурсоводс дыргаанӡа, фымз Аҟәа аныҟәарақәа рымҩаԥгаҩцәа ркурсқәа дрылгеит. Усҟан аҭоурых азы алекциақәа ирзаԥхьоз иреиуан Шьалуа Инал-иԥа, Зураб Анчабаӡе, Гьаргь Ӡиӡариа, Баџьгәыр Саӷариа уҳәа.
"26 шықәса инарзынаԥшуа СССР атәылақәа рахь атуристцәа сыманы екскурсиа сцон. Сыԥсҭазаара ҽакы иаламҩашьо, илахҿыху хҭыс беиала идырҭәит урҭ аныҟәарақәа. Еицырдыруа аҭоурыхтә баҟақәа, аибашьратә ҭыԥқәа, атеатрқәа уҳәа сабамнеицыз. Ари аус аныҟәгара сықәманшәаламхар ҟаларын методистс Таҷ Гыцба дсымамызҭгьы. Иара исирҵази иҿысҵаази даара ирацәоуп. Урҭ аамҭақәа раан разҟыс исзыҟалеит Иури Воронов иабыдыррагьы. Аҵарауаҩ ду аиацәажәара мацара малны исԥхьаӡон, адырра ҿыцқәа сауан", - иажәа иациҵоит Валери Шаликәа-иԥа.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Саида ЖьиԥҳаВалери Хагәышь ашьапылампылә клуб Динамо-Гагра Москваҟа ныҟәара ианигаз. 1982 ш.
Валери Хагәышь ашьапылампылә клуб Динамо-Гагра Москваҟа ныҟәара ианигаз. 1982 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Валери Хагәышь ашьапылампылә клуб Динамо-Гагра Москваҟа ныҟәара ианигаз. 1982 ш.
Валери Хагәышь иажәақәа рыла, иара имҩаԥигоз ауаа рахьтә иҟан СССР еицырдыруаз аҵарауаа, акосмонавтцәа, аҳақьымцәа, аспортсменцәа, артистцәа уҳәа. Иҟалалон агәыԥ ақырҭуа милаҭ рхаҭарнакцәа аналазгьы. Егьараан дара Валери ажәа иаҭаркхьан "ари амц иҳәоит, иҟаӡам Аԥсны, иҟоуп Қырҭтәыла" ҳәа Аԥсны иазку аҭоурыхқәа данырзааҭгылоз.
"Ақырҭуа милаҭ убриаҟара рхатәы идеологиа рыман, рполитика иақәымшәоз акы уҿыҵшәар иуҿагылон, ҳҭоурых дырҩашьон. Ахаан исхашҭуам, зны Қарҭ, ақыҭа ҿар рышколқәа рдиректорцәа злахәыз асеминар ахь Пашиан зыжәлаз Цандрыԥшьтәи ашкол адиректори сареи ҳаныршьҭ ҳзықәшәаз ахҭыс. Аизара ашьҭахь, уи хымԥада қырҭшәа мацарала имҩаԥган, азал ҳандәылҵ ҳахьцо ҳзымдыруа ҳшеимдоз аҵара сыцызҵоз Валери Агрбеи Новосибирсктәи иҩызаки иареи шеицыз ҳаиҿаҳаит. Дара рыбзоурала асасааирҭа ҳаԥшааит, анаҩс иҳаӡбеит ақьафурҭахь ҳаиццарц. Ауха ҳаныгьежьуаз, амҩан "Акаҳуа еиқәаҵәа" ҳәа аҩыра зныз адәқьан ҳалаԥш иҵашәеит. Агьама ҳбарц азы ҳаныҩнала, акаҳуа аршышьа асистема ҿыц Аԥсны исымбацызт азы уамашәа исзыҟалан, "ҳара ҳҿы ас акәӡам ишдыршуа" ҳәа аасҿыҵшәеит. Убри аамҭазы "ҳара ҳҿы ҳәа иабыку уахьаҿу, Аԥсны аума" ҳәа цтәык ҟалҵеит аха, иҳацыз аурыс ииҳәо иҿамшәо длыршанхеит. Абас аибашьра ҟалаанӡа ажәала иҳаихсуан", - игәалашәоит аекскурсиамҩаԥгаҩ.
Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, аибашьра ианалага аҽны Валери Хагәышь атуристцәа ргәыԥ иманы Шәача дыҟан. Аԥсшьаҩцәа наԥшааԥшуанаҵы иара уск аҵыхәала аԥошьҭа дахьыҩналаз арадио ала иаҳаит Аҟәа ахысрақәа шцоз. Иаразнак ицыз Гагратәи аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи рбиуро аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Туманишвили зыжәлази, рмашьынаныҟәцаҩ Валери Лакобеи иреиҳәеит, аха даргьы иара иеиԥшцәҟьа ишҵабыргыз рыдыркылар рҭахымхеит.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Саида ЖьиԥҳаАкаҳуажәырҭа-амузеи В. Скрыль иҟны.
Акаҳуажәырҭа-амузеи В. Скрыль иҟны. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Акаҳуажәырҭа-амузеи В. Скрыль иҟны.
"Атуристцәа аибашьра алагеит ҳәа раҳәашьа ҳамамызт, ҳаамҭа анааи Аԥсныҟа ҳдәықәлеит. Аҳәаа ҳаназааигәаха Гәдоуҭааи Афонааи рыҷкәынцәа сынрахьԥшит. Ара шәызгылеи анысҳәа, "ақырҭцәа аҳәаа адаркит, ҳахрыжьӡом" ҳәа саҭаркит. Ашьҭахь ҳгәыԥ ҳаманы ҳаннеи, иҭацәышәа анаҳба, анҭ аҷкәынцәагьы ҩҳацлан ҳаԥсадгьыл ахь ҳаихеит. Аҽны Гагра ҳаналсуаз убас ԥшацәгьак ықәлеит, адгьыл аҟынтә агәамсам еиларгьежьуа аҳауа иаланаҵеит. Сцәалашәарақәагьы саарыцәшәеит", - аибашьра раԥхьатәи амш далацәажәоит Валери Шаликәа-иԥа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, Гагра араион аӷацәа рнапахьы иаразнак иааргеит. Ҳаибашьцәа Пицунда абжьаларҭа иҩахысны ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа шьақәдыргылеит, аштаб хадагьы Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ аҟны иаԥҵахеит. Аштаб дахагылан Сергеи Дбар. Анхамҩатә хәҭа напхгаҩыс иамаз Артур Канџьариа идҵала аибашьцәа рзы акрыфарҭа аусура иалагеит, еиҳабысгьы даиҭеит Витали Гыцба, Витали Хагәышь уи ихаҭыԥуаҩс дҟаиҵеит. Иара Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа ҳаибашьцәа рыфатә рыжәтә машьынала иахьтәаз ахырӷәӷәарҭақәа рахь игон. Убри инаваргыланы Валери Хагәышьи агеограф Илиа Канџьариеи Гагра ахақәиҭтәразы ицхыраагӡахаз ахсаала еиқәзыршәаз иреиуоуп.
"Ҳаибашьцәа рхәы ҟарҵон Феликс Агрба, Славик Ҷанба Ԥсардиа ихьӡ сгәалашәом саҭамзааит. Аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩцәа Емма Кәакәасқьырԥҳа, Маиа Чыкәбарԥҳа, Саида Гыцԥҳа, амедеиҳәшьа Кама Хагәышьԥҳа уҳәа гәыԥҩык ҳацхраауан, аган аҿы инымхеит аҭыԥантәи анхацәагьы. Жьҭаара 5 рзы, Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа ҳаибашьцәа ргәыԥқәа тәан. Сара рыфатә сыманы санрызнеи аамҭазы ақырҭуа ҳаирпланқәа "Сушка" ҳәа ззырҳәоз ҩбеи вертолиотқәа ԥшьбеи арҭҟәацгқәа ажәырҵо иалагеит. Аҵыхәтәантәи аԥшьбатәи авертолиот ҳаҷкәынцәа ирулак иҭадырхеит. Аиаша шәасҳәап уи убысҟак ҳгәы шьҭнахеит иааира дук ҳгазшәа", - ҳәа игәалаиршәоит иара.
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Артур Канџьариа Валери Хагәышь диманы Ешыраҟа дцоит. Амашьынаныҟәцаҩ Дмитри Ҭарбеи иареи ахқәа шырхаԥыруаз есыҽны аибашьцәа рыфатә ргон 10-12 ҭыԥ рахь.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Саида ЖьиԥҳаВалери Хагәышь атуристцәа иманы Гагратәи анап,шырҭатә дәы аҟны. 2004 ш.
Валери Хагәышь атуристцәа иманы Гагратәи анап,шырҭатә дәы аҟны. 2004 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Валери Хагәышь атуристцәа иманы Гагратәи анап,шырҭатә дәы аҟны. 2004 ш.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы фырхаҵарала рыԥсадгьыл рыхьчон Валери Хагәышь иашьцәа рыхҩыкгьы, дара ахәра ӷәӷәақәагьы рыман. Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, 1993 шықәсазы Валери Бзыԥҭаҟа даауеит иан дбатәын аҟынтә.
"Сашьцәа рыхҩыкгьы аибашьра амцашыра иалагылан азы, сара сан лбара саар акәхеит. Ус ишыҟаз, ҳарҵаҩы Валентина Шьыдгәа-иԥҳа Агрԥҳа ҳашкол аарттәуп лҳәан уи аус ҳҽазаҳкит, директорсгьы сахагылан 1996 шықәсанӡа. Анаҩс Римма Агрԥҳа ааԥхьара лаҳҭеит. Иахьа уажәраанӡагьы аус еицаҳуоит", - иҳәоит иара.
Ашколтә ԥсҭазаара иадҳәалоу хҭысс иалышәкаауеи ҳәа Валери Шаликәа-иԥа саниазҵаа, "ҳашкол шәышықәса ахыҵра ауп" иҳәеит. Иара иазгәеиҭеит 1998 шықәсазы аиубилеи рҽаназыҟарҵоз Римма Агрԥҳаи ашкол арҵаҩратә еилазаареи ана-ара аспонсорцәа ԥшаауа мацара аибашьра ашьҭахь игәыгәҭажьыз рхыбра шеиҿыркааз.
© Foto / Иаҳзаалышьҭит Саида ЖьиԥҳаАӡиа Риҵа аҟны. 2004 ш.
Аӡиа Риҵа аҟны. 2004 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Аӡиа Риҵа аҟны. 2004 ш.
"Аиубилеи ҳҽазыҟаҳҵоит ҳәа ауалгьы ҳақәшәеит усҟан. Аха зегь акоуп ҳҽеиҿкааны, аибашьра ашьҭақәа ҵәахны асасцәа ааԥхьаны ҳаицгәырӷьеит. Аныҳәа мҩаԥылгеит Инга Барцыцԥҳа. Уи убриаҟара иҵауланы игәырԥшааганы еиҿкаан иахьагьы ҳгәы иҭымҵуа", - игәалашәоит арҵаҩы.
Валери Шаликәа-иԥа Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны абиологиеи, агеографиеи, аҭоурыхи рырҵаҩыс аус иуан акыр шықәса инеиԥынкыланы. Иахьа аҭоурых акружок мҩаԥигоит. Иааиазакны ирҵаҩратә џьашықәс 54 шықәса ыҟоуп.
Валери Хагәышь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иибаз аџьабаазы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Иара убас "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп иашьа Павелгьы, Ремзик "Леон" иорден.
Валери Шаликәа-иԥа дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшара драбуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0