Аԥсуа спортсменцәа қәҿиарала Ростов иқәгылеит

© Foto / Демис АдлейбаМеждународный фестиваль "Кубок Евразия" по котактному жесткому каратэ Косики
Международный фестиваль Кубок Евразия по котактному жесткому каратэ Косики - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи афестиваль "Евразиа ахраҿа" мҩаԥысуеит акарате косики азын Ростов ақалақь жьҭаара 16-17 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа каратистцәа рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афестиваль "Евразиа ахраҿа" акарате косики азын, ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны акарате косики Афедерациа аиҳабы Демис Адлеиба.
Сандро Киут 10-11 шықәса зхыҵуа 35 кьыла рҟынӡа зыкапан наӡо рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит. Иара убас, Ҭемыр Быҭәба 12-13 шықәса зхыҵуа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ даԥсахеит. Ерик Хоџьаиан 12-13 шықәса зхыҵуа, зыкапан 45 кьыла инаӡо рыбжьара Евразиа ахраҿа даԥсахеит.

"Ҳара, ас еиԥш иҟоу атурнирқәа акырантә ҳҽрылаҳархәхьеит, убри аҟнытә ари аҩыза алыҵшәақәа ҳрызыԥшын, аицлабра ҳҽазыҟаҳҵон. Хымԥада алҵшәақәа иҵегь еиӷьзар ҟалон, аха аҿкчымазараз иалагалоу аԥкрақәа аԥырхага ҳнаҭеит, ишаҳҭахыз еиԥш аҽазыҟаҵарақәа ҳзымҩаԥымгеит. Ихарҭәаан аҽазыҟаҵарақәа мызкы заҵәык роуп ианҳауз" - ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.

Ростовтәи ақәгылара анаҩс, аԥсуа каратистцәа аҽазыҟаҵара иалагоит ԥхынҷкәынмза 18-19 рзы имҩаԥысран иҟоу Урыстәыла ачемпионат рҽаладырхәырц.
Демис Адлеиба ҭабуп ҳәа реиҳәоит Афедирациа аҭаацәа рхеилак иҟарҵаз ацхыраараз, жәларбжьаратәи атурнир ахь рцаразын.
Ажәабжьқәа зегьы
0