Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа дәықәнаҵеит

© SputnikВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анашьҭымҭа иахәаԥшраны иҟоуп иарку аилатәараҿы иара анынарышьҭ инаркны жәамш ирхымгакәа.
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Арӡынбеи Кокаиеи румҭақәа Ашьаустә Закәанеидкыла иазыԥхьагәанаҭо абарҭ аҟазшьақәа рымоуп:
Ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара)
Ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (змаҵзуратә ус назыгӡоз амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра иԥшӡам аформала).
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азакәан инақәыршәаны анашьҭымҭа иахәаԥшраны иҟоуп иарку аилатәараҿы апрокурор хадеи иара ззынашьҭу ахаҿқәеи ма урҭ рыхьчаҩцәеи алархәны, иара анынарышьҭ инаркны жәамш ирхымгакәа.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи, азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи злахәыз аимак ҟалеит Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы цәыббра 30 азы. Апрокуратура хада аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Адепутат Гарри Кокаиа иумҭа апрокуратура амчра ахаҭарнакцәа рцәаԥҽреи абжьахрақәеи роуп ҳәа ахнаҳәааит.
"Адепутат Арӡынба Алмасхан иганахь ала ишьақәырӷәӷәоуп аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь, асааҭ 00:10 азы имаҵзуратә машьынала Аԥсны ААР ахыбрахь днеины автомат ала 20-нтә ажәҩанахь дышхысыз", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0