Урыстәыла уахыки-ҽнаки аҩныҵҟа COVID-19 захьыз рхыԥхьаӡара уаанӡа аасҭа еиҳахеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде
Лечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла хәымш ирықәуп аҿкычымазара ззышьақәырӷәӷәоу ауаа ррекордтә хыԥхьаӡара шьҭыҵуеижьҭеи.
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки аҩныҵҟа COVID-19 захьыз рхыԥхьаӡара уаанӡа аасҭа еиҳахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иганы.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки аҩныҵҟа Урыстәыла COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу рхыԥхьаӡара уаанӡа аасҭа еиҳахеит– 34 325-ҩык 85 регион рҿы. Убри аан 2 821 (8,2%) хҭыс клиникатә рбагада имҩаԥысуан", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла апандемиа ианалагаз инакрны иахьанӡа аҿкы рыххьеит 8 027 012-ҩык.
Иацтәи арбагақәа рыла уахыки-ҽнаки ичмазаҩхеит 34 303-ҩык.
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Роспотребнадзор: акоронавирус бжьаратәла 11 мшы аԥсы ҭоуп
ВОЗ адыррақәа рыла акоронавирус адунеи аҿы ирыдырбалахьеит 239,4 миллионҩык ауааԥсыра, 4,8 миллионҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Аиҳарак аҭагылазаашьа уадаҩи аԥсыҭбарақәеи ыҟоуп Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Индиа, Бразилиа, Британиа ду, Урыстәыла.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла COVID-19 змоу ачымазара ихьанҭаны изхызго 0,03 процентк иҟоуп, реиҳараҩык алаҵа рзыҟаҵам.
Автограф-сессия К. Богомолова в центре вакцинации от COVID-19 в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Аҵарауаа ишьақәдыргылеит алаҵа ашьҭахь акоронавирус зласыз рыпроцент
Ажәабжьқәа зегьы
0