https://sputnik-abkhazia.info/20211020/asny-akoronavirus-zlany-zysazaara-ialkhou-435-yk-ryna-inaeit-1035992147.html
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 435-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 435-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҿкчымазара зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 30361 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 25117 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 435-ҩык. 20.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-20T22:29+0300
2021-10-20T22:29+0300
2021-10-20T22:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/02/1032145022_0:112:2954:1774_1920x0_80_0_0_9ee4a8c46ca0601afc0735d1ebf4bb76.jpg
АҞӘА, жьҭаара 20- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 541-ы Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 163-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 94-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык ачымазҩцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 94-ҩык ишьҭоу рҟынтәи 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/02/1032145022_204:0:2935:2048_1920x0_80_0_0_ffcb6af865e329d70a5247ae3d7f3efa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 435-ҩык рҟынӡа инаӡеит
22:29 20.10.2021 (ирҿыцуп: 22:30 20.10.2021) Аԥсны аҿкчымазара зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 30361 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 25117 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 435-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 20- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 541-ы Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 163-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 44 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 94-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык ачымазҩцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 94-ҩык ишьҭоу рҟынтәи 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.