Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҟны автономтә канализациа ҿыц ахархәаразы ирыҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Анапаҵаҩра
Автономтә канализациа ҿыц аахәареи, ашьақәыргылареи рзы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьын 2 миллионки 300 нызқь мааҭ.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Автономтә канализациа ҿыц ахархәара аиуит Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.

Аԥхьанатә асистема тест режимла ҩымш аус ауит, уажәы инагӡаны аплантә режим ахь ииагоуп. Ацрыҵқәа ишиашоу арзҩыдагахь инеиуеит, уантәи аканализациатә системала арыцқьарҭахь инеиуеит. Анаҩс ацрыҵқәа аӡиас иалалоит.

Руслан Тванба  - Sputnik Аҧсны
Руслан Тәанба
"Аԥсныргылара" адиректор хада
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа арзҩыдага (септик-аред.) ҩымз раԥхьа иԥхасҭахеит. Ацрыҵқәа амҩа ианыланы ахәшәтәырҭа ахыбра хадахьы инеиуа иалагеит. Аамҭала ацрыҵқәа аканализациатә ҵеиџь ахь инашьҭын.
Аԥсны аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба иажәақәа рыла, уаанӡатәи арзҩыдага ргылан 2013 шықәсазы. Иара ахьыԥхасҭахаз мзызс иамазар ҟалоит иахәҭаз амаҵзура ахьамоуаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0