Аибашьра аветеранцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара ицара дҵаны иқәдыргылоит

© SputnikВетераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел
Ветераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Анапаҵаҩра
Абрифинг иалахәын аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Зураб Кокаиеи Дмитри Абыхәбеи, иара убас Жәлар реизара адепутат Гиви Кәарҷиеи.
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥшьаша жьҭаара 21 азы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеидкылатә еиҿкаара АРСМИРА аҟны имҩаԥыргаз абрифинг аҟны ирҳәеит аҿагыларатә акциа амҩаԥгара ргәы ишҭоу.
Абрифинг рхы аладырхәит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Зураб Кокаиа, Дмитри Абыхәба, Жәлар реизара адепутат Гиви Кәарҷиа. Дара дҵаны иқәдыргылеит иаарласны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, цәыббра 30 азы иҟалаз ахҭыс ашьҭахь.
© SputnikВетераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел
Ветераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Адепутат Гиви Кәарҷиа абрифинг аартуа ааԥхьаратә шәҟәы даԥхьеит. Уаҟа иаҳәоит, Аӡҩыбжьаа иахьанӡа ари ахҭыс аполитикатә шьаҭа арҭарц ргәы ишҭамыз, атәыла аҭагылазаашьа еиҳа еицәамхарц азыҳәаны.
"Аҳәынҭқарра ахада ажәа ҳаиҭеит ҳус аамҭа кьаҿк иалагӡаны аҭыԥ ишықәҵахо ала апрокуратура аӡбамҭа ашьҭахь. Апрокуратура Кокаиа иқәыӡбеит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дбар фырхаҵак еиԥш дцәырыргеит. Ари аус шьҭа аполитикатә цәа ахаҵаны иазнеиуа иалагеит" - ҳәа аҳәоит ааԥхьаратә шәҟәы аҟны.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит
Еизаз иазгәарҭеит, агәра ганы ишыҟоу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар хықәкыла аҭыӡшәа иҽазкны дшыҟаз. "Аиааира амш аҽны Аветеранцәа рҿаԥхьа анапышьҭыхра ахы аҭәашьара даараӡа иус хьанҭоуп. Ҳара уи аҩыза ҳганахь ала аларҟәра ҳзадгылом, иҳақәнагаӡам уи еиԥш азнеишьа. Аминистр минуҭқәак ирылагӡаны ауаа еизигеит, уи ала ҳара иҟаҳҵеит алкаа, уи аимак-аиҿак заа аҽазыҟаҵаратә ҵакы шамаз ала" - ҳәа рҳәеит аветеранцәа.
Иара убасгьы иазгәарҭеит, ас еиԥш аус ӡбашьа амамкәан ишаанырмыжьуа. Аԥсны ахада ишәарҭоу амҩа дшангылоу, уи ииашаны ианыӡбамха аамҭа кьаҿк иалагӡаны рызҵаара азхьарԥшразы ажәлар рахь ааԥхьара шыҟарҵо.
"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи иахьанӡа иаанкылаӡам, убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аҟны Кокаиа иус активла аӡбара иаҿуп. Уи ала ҳара иаҳбоит аиҿагыларатә ҭагылазаашьа аԥҵара ишаҿу, аӡәи-аӡәи ҳаичырчара ауп изҿу" - рҳәеит аветеранцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0