Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Апрокуратура хада цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы.
АҞӘА, жьҭаара 11- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьбеи Дадын Чачхалиеи рганахь ала. Абри атәы иҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа аилатәараҿы апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Агрба еиҭеиҳәеит аусҭҵаараԥхьатә ҭҵаарақәа шымҩаԥысыз.
"Аҭҵаарақәа иныҭкааны имҩаԥгоуп. Сара ишызбо ала обиективла имҩаԥгоуп. Ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала ахәҭаҷ 288 ахԥатәи ахәҭа апункт "а" инақәыршәаны ( азинмчра инахырҳәҳәаны ахархәара). Ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит жәашықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра", - ҳәа иҳәеит апрокурор хада.
Гарри Кокая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Адепутат Кокаиа Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс атәы еиҭеиҳәеит
Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иумҭа Аԥсны азакәан ахәҭаҷқәа 321, 207 иазыԥхьагәарҭо ахара ихараҵоуп.
"Адепутат Арӡынба Алмасхан иганахь ала ишьақәырӷәӷәоуп аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь, асааҭ 00:10 азы имаҵзуратә машьынала Аԥсны ААР ахыбрахь днеины автомат ала 20-нтә ажәҩанахь дышхысыз", - ҳәа иҳәеит иара.
Адепутат аҿахәҿыхра мап ацәикуеит, ҳәа иҳәеит Агрба. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар апрокуратура хара иднабалом.
"Аха, иара убри аамҭазы уа иҟазаара инадҳәаланы иҟалаз ахҭыс аԥирҟәҟәаар ахьилшоз азы Апрокуратура хада атәыла ахада иахь азыҳәа нашьҭтәны иаԥхьаӡоит Дбар алеишәатә хара идҵареи ари аҭыԥ аҿы иҟазаара азхәыцреи рзы", - ҳәа иҳәеит апрокурор хада.
Апрокуратура хада ахҭыс иалахәыз аветеранцәа, амилициа аусзуҩцәа, аминистр рҿахәы рҿырхит.
"Аминистр иганахь ала аветеранцәа роума иара Кокаиа иоума ҽыԥныҳәа рымам. Аԥхьанатә закәаншьаҭала атапанча риҭарц адҵа ҟаҵан, Кокаиа уи мап анацәик аисра ҟалеит", - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Апрокуратура хада цәыббра азы аҭыԥ змаз ахысра инадҳәаланы ашьаус хацнаркит ахҭыс алахәылацәа румҭақәа иахәҭоу ахәшьара аҭаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0