Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟынтәи 300-ҩык рҟынӡа ачымазцәа ылырҩаахьеит

© Foto / пресс - служба ЮВО Медики ЮВО выписали из мобильного госпиталя в Сухуме более 300 пациентов, вылечившихся от COVID-19
Медики ЮВО выписали из мобильного госпиталя в Сухуме более 300 пациентов, вылечившихся от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 4 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, 2,5 нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аҟынтә рчымазара рхыганы илырҩаахьеит 310-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Аладатәи арратә округ амедусзуҩцәа агоспиталь аҿы нанҳәа 18 инаркны ирыдыркылахьеит акоронавирустә ҿкы зыдбалаз зықьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра.
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Уажәазы агоспиталь аҟны ишьҭоуп 95-ҩык ыҟоуп.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥгоуп 4 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, 2,5 нызқь ПЦР-тест, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә ҿкы ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа уаанӡа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟарҵаразы, ҩынтәны Аԥсныҟа иааиит 2021 шықәса нанҳәа 18 рзы.
архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы аԥкаанҵа аиҭакрақәа аланагалеит
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. Ара шәҩык инарзынаԥшуа аус руеит бригада-бригадала рҽеихшаны. Еиҿкаауп аҵәыҵәри аиура. Уи мҩаԥнагоит Гәдоуҭа игылоу Аладатәи арратә округ арратә база. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла 100 баллонк нырхуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0