Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара ахада COVID аиааиразы иҟоу алшара ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Женева
Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа иаалагазар адунеи аҿы 242 миллион акоронавирус-хҭыс азгәаҭоуп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 4,9 миллион-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара ахада Тедрос Адханом Гебреиесус аҳәамҭа ҟаиҵеит ауаажәларра акоронавирустә пандемиа аиааиразы алшара рымоуп ҳәа.
"Апандемиа ықәҵуеит ҳара уи ҳҭаххар. Зегь ҳнапы иакуп" , - ВОЗ ахада иажәақәа аанагоит AFP.
Пациенты на химиотерапии, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
ВОЗ: COVID-19 иахҟьаны аимҳәаду аҟынтәи ауаа рыԥсра еиҳахеит
Гебреиесус иажәақәа рыла, адунеи COVID-19 иаиааир алшоит, аха макьаназы иахәҭоу зегь ҟанамҵац.
Иара иҳәеит абри аус аҿы ВОЗ иаус хаданы иҟоу ашықәс нҵәаанӡа ианеиҵаха 40 процент ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵароуп.
Аиҿкаара ахада ари арбага иазнеихьоу атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит жәларбжьаратәи амеханизм COVAX аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәшәқәа нашьҭлазарц.
Гебреиесус иҳәеит алаҵазы аинтеллектуалтә хатәтәра азин аанкылазарц апандемиа анҵәара алыршаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0