Аԥсны ашколхәыҷқәа ҭагалантәи рыԥсшьарамшқәа мчыбжьык имҩаԥысуеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШколы Москвы отправят на двухнедельные каникулы из-за коронавируса
Школы Москвы отправят на двухнедельные каникулы из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб аилатәараҿы, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа аҳәамҭа ҟаиҵеит, аԥсшьарамшқәа аҽа мчыбжьык рыцҵахар ҟалоит ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа мчыбжьык ҳәа иоурышьҭит, аминистрра ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа ирыцнамҵеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларратә еимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
"Иахьа инаркны ашколхәыҷқәа мчыбжьык ҳәа иоушьҭуп. Ҳәарада, ари акоронавирустә инфекциа аламырҵәара иацхраауеит. Ҩымзтәи аҵараҵара ашьҭахь ашколқәа рырзҩыдара мҩаԥгатәуп. Уи адагьы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыԥсы ршьоит", - азгәеиҭеит Қәҭелиа.
Қәҭелиа ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы: ицхыраагӡоуп ачымазара алмырҵәаразы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Арадио
Қәҭелиа ашколқәа рҿы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы: ицхыраагӡоуп ачымазара алмырҵәаразы
Уаанӡа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб аилатәараҿы, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, аԥсшьарамшқәа аҽа мчыбжьык рыцҵахар ҟалоит ҳәа.
"Ахәыҷқәа мчыбжьык иоуҳашьҭит. Аминистрра аҭагылазаашьа хылаԥшра анаҭоит. Ес-хәаша ашколқәа рҟынтәи аҭагылазаашьаз адырра аиуеит. Аҟазауаа игәарҭоит асанитартә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо. Ашколқәа рҿы ҭахрақәак ыҟазар иҳалшо ала ҳрыцхраауеит", - иҳәеит иара.
Зынӡа Аԥсны 4000-ҩык арҵаҩцәа ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи шәҩык акоронавирус рыдбалоуп, 30 000-ҩык ашколхәыҷқәа рҟынтәи COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп- 147-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0